Гинцбург "Спутник V" омикрон-штамм аҟынтә хра амоуп иҳәеит

Акоронавирус аштаммқәа рҽеикәдыршо иалагар, Урыстәыла антигенқәа зегьы ирҿагылаша алаҵа аԥҵаразы атехнологиа амоуп.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 17 - Sputnik. "Спутник V" алаҵаҟаҵареи аҽа фымз рышьҭахь аиҭалаҵаҟаҵареи аштамм "омикрон" уацәырыхьчоит, абри атәы иҳәеит Гамалеи ихьӡ зху амикробиологиеи аепидемиологиеи ринститут аиҳабы Александр Гинцбург, аҩуеит РИА Новости.
Урыстәыла иаԥырҵеит атест-система акоронавирус омикрон-штамм аарԥшразы
"Алкаа хада - фымз раԥхьа Урыстәыла агәабзиарахьчара ирыднагалаз алаҵаҟаҵара асхемоуп: "Спутник V" ала алаҵа ашьҭахь "Спутник Лайт" ала аиҭалаҵаҟаҵара. Ари алаҵаҟаҵаратә схема иахьазы инагӡаны аштамм "омикрон" уацәнахьчоит", - иҳәеит иара абрифинг аҿы.
Гинцбург иҳәеит уаанӡа ахархәара змаз алаҵаҟаҵаратә стратегиа "омикрон" аангьы ахы иархәатәуп ҳәа.
Гамалеи ицентр аҿы иазырыԥхьаӡоит алаҵа "Спутник V" аиҭалаҵа "Спутник Лайт" "омикрон" аҟынтә 83% урыхьчоит ҳәа иҳәеит Гинцбург.

"Еиҳа инарҭбааны аҭҵаарақәа рымҩаԥгараан алаҵаҟаҵареи аиҭалаҵаҟаҵареи иаку рысхемахь ҳкылсуеит, "дельта"-штамм аганахь ала иҳауз алкаақәагьы ҳауеит – ауааԥсыра 83 процент ма инарыцны "омикрон" ацәыхьчахоит", - иҳәеит иара абрифинг аҿы.

Гамалеи иинститут еснагь анапы алакын авирусқәа ирҿагыло атехнологиақәа рымҩаԥгара. Ауадаҩрақәа ыҟоуп РНК-змоу авирусқәа иццакны рҽеиҭакразы. Иаҭахуп атехнологиақәа антигентә вариантк аҟынтәи аҽакахьы ииасуа.
"Ари аҩыза атехнологиа аԥҵоуп аимҳәа авирус аганахь ала. Уи уажәы аклиникатә ԥышәарақәа ирхысуеит. Иара абри аҩыза атехнологиа акоронавирус аганахь алагьы иԥыршәоит", - иҳәеит Гинцбург абрифинг аҿы.
Иара иҳәеит атехнологиақәа шмаҷым, дара зегьы еицылан зегьы зҵазкуа ахьчара шурҭо.
Омикрон-штамм адунеи алаҵәашьа шәарҭоуп ҳәа ишьоуп