Аԥсны

Аԥсны ахада акультуратә ҭыԥ "Гәыма" аҿы имҩаԥгаз ақыҭанхамҩатә аалыҵқәа рџьармыкьа даҭааит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 18- Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа акультуратә ҭыԥ "Гәыма" аҿы имҩаԥгаз ақыҭанхамҩатә аалыҵқәа рџьармыкьа даҭааит, асабша ԥхынҷкәын 18 рзы.
Аслан Бжьаниа дицын ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьапуа.

Атәыла ахада аарыхҩыцәа дрыҿцәажәеит, русураҟны уадаҩрақәас ирԥыло атәы дазҵааит.

Аслан Бжьаниа ақыҭанхамҩатә џьармыкьаҟны ицәыргақәҵаз аалыҵ агьама ибеит, хаҭала Калдахәаратәи аҩы.
1 / 9

Аԥсны ахада акультуратә ҭыԥ "Гәыма" аҿы имҩаԥгаз ақыҭанхамҩатә аалыҵқәа рџьармыкьа даҭааит

2 / 9

Аԥсны ахада акультуратә ҭыԥ "Гәыма" аҿы имҩаԥгаз ақыҭанхамҩатә аалыҵқәа рџьармыкьа даҭааит

3 / 9

Аԥсны ахада акультуратә ҭыԥ "Гәыма" аҿы имҩаԥгаз ақыҭанхамҩатә аалыҵқәа рџьармыкьа даҭааит

4 / 9

ақыҭанхамҩатә џьармыкьаҟны ицәыргақәҵаз аалыҵ

5 / 9

ақыҭанхамҩатә џьармыкьаҟны ицәыргақәҵаз аалыҵ

6 / 9

ақыҭанхамҩатә џьармыкьаҟны ицәыргақәҵаз аалыҵ

7 / 9

ақыҭанхамҩатә џьармыкьаҟны ицәыргақәҵаз аалыҵ

8 / 9

Аԥсны ахада акультуратә ҭыԥ "Гәыма" аҿы имҩаԥгаз ақыҭанхамҩатә аалыҵқәа рџьармыкьа даҭааит

9 / 9

Аԥсны ахада акультуратә ҭыԥ "Гәыма" аҿы имҩаԥгаз ақыҭанхамҩатә аалыҵқәа рџьармыкьа даҭааит

Аџьармыкьаҟны Атәыла ахада аҩы, алаҳарҩа, амҿтәы мҳаҵәқәа ааихәеит.
Акультуратә ҭыԥ "Гәыма" акуратор Шьарида Ҭыжәԥҳа лажәақәа рыла, аџьармыкьақәа аус рулоит ԥхынҷкәынмза нҵәаанӡа аԥсшьарамшқәа раан.
"Иахьа имҩаԥаагоит ақыҭанхамҩатә џьармыкьа. Ара ауааԥсыра иаархәарц рылшоит аԥсыӡ, ашәыррҩа, аԥсаӡқәа, ашә, ача, аџьыка уҳәа убас ирацәаны", - лҳәеит лара.
Ҭыжәԥҳа илҳәеит Атәыла ахадара адгылара ахьрырҭои, хаҭала аџьармыкьа дахьаҭаази дара рзы гәадуроуп ҳәа.
Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ақәҵарала 100 миллион мааҭк рзоужьуп ақыҭанхамҩатә проектқәа рынагӡаразы. Сынтәа апрограммала 91 проект алкаан.
Аԥсны
Аԥсны ақыҭақәа рыҿиараз апрограммала 90 проект аԥара рзоужьуп
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Апарламент адепутатцәа рԥылараан еиҭеиҳәеит Аинвестпрограмма –2023-2025 аганахь ала аекономикатә ҟәша ацхыраараз ишазԥхьагәанаҭо миллиардки 800 миллион мааҭ. Ацхыраара аиуеит ақыҭанхамҩа аусхкгьы ҳәа иҳәеит Бжьаниа.
Аԥсны
Бжьаниа аекономикатә ҟәша Аинвестпрограмма аганахь ала ацхыраара аиуеит