Аԥсны

Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны акоронавирус шәҩык ирыдырбалеит

Аԥсны аепидемиа ҵысижьҭеи аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 36 894-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 29 305-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 549-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 18– Sputnik. COVID-19 азы атестқәа арҭеит 362-ы Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә шәҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 92-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 32-ҩык, ибжьаратәуп - 60-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 41-ы, урҭ рахьтә 20-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 20-ҩык, урҭ рахьтә быжьҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 19-ҩык, урҭ рахьтә хҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы 15-ҩык ачымазцәа шьҭоуп.