ААЕ ахаҭарнак илҳәеит "Спутник V" макьана изазхарымҵац атәы

Ԥшьмиллиардк ауааԥсыра ахьықәынхо 70 ҳәынҭқарра инарзынаԥшуа алаҵа "Спутник V" азхарҵеит, иааидкыланы адунеи зегьы иқәынхо рҟынтәи 50%. Алаҵа алҵшәа 97,6% хаҳара аланы иршьеит, анализқәа рлыҵшәақәа рыла 3,8 миллионҩык урыстәылаа алаҵа ҟарҵахьеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 – Sputnik. Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара ҷыдалатәи ахаҭарнак Маргарет Харрис ателеканал RT аҟны еиҭалҳәеит урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" дара рганахь ала макьана изазхарымҵац мзызқәас иамоу.

"Ҳара уажәыгь ахә ҳаракны иаҳшьоит алаҵа "Спутник V" атехникатә досие, ҳагьазԥшуп иара азын ихарҭәаау аинфомациа. Аха ахәшьара, аҭҵаара уажәыгь ҳаҿуп", - ҳәа еиҭалҳәеит Харрис.

Иара убас, лара илҳәеит ишиашам иҟоу ацәажәарақәа ААЕ Мраҭашәаратәи атәылақәа иҭрыжьуа аалыҵ заҵәык ауп иазхарҵо ҳәа. Ҿырԥштәыс иаалгеит дара реиҿкаара ишазханаҵаз Китаи, Индиа иҭрыжьыз алаҵақәа.
Гамалеи ицентр авирусолог "Спутник V" ЕЕ аҿы иазхарҵар аналшо атәы иҳәеит
Жьҭаарамза алагамҭазы Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко иҳәахьан алаҵа "Спутнику V" аганахь ала иҟоу аԥынгылақәа зегьы Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара ишаԥнахыз иаанхаз административтә усмҩаԥгатәқәак роуп ҳәа.
Ԥхынҷкәынмзазы Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара апресс-маҵзураҟны ирҳәеит, алаҵа ахәшьара арҭарц агәаҭарақәа рзы Урыстәылаҟа ишаауа жьырныҳәамза 2022 шықәсазы. ААЕ европатәи аҟәша аиҳабы Ханс Клиуг иҳәахьан "Спутник V" азхаҵара шаиуа 2022 шықәса аԥхьатәи амзақәа рзы.