Гамалеи ицентр авирусолог "Спутник V" ЕЕ аҿы иазхарҵар аналшо атәы иҳәеит

© Sputnik / Владимир Трефилов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраШприц и ампула на фоне логотипа "Спутник V".
Шприц и ампула на фоне логотипа Спутник V. - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.11.2021
Анапаҵаҩра
Иахьатәи аамҭазы "Спутник V" 71 тәыла, 4 миллиардк ауааԥсыра ахьынхо иазхарҵахьеит. Ари адунеи ауааԥсыра рҟынтәи 50% ыҟоуп.
АҞӘА, абҵара 12 - Sputnik. ЕМА Европатәи арегулиатор акоронавирус аҟынтә урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара азхаҵаразы иаднагалоит. ВОЗ ари ашықәс нҵәаанӡа уи ҟанаҵар алшоит ҳәа азиԥхьаӡеит Гамалеи ихьӡ зху аепидемиологиеи амикробиологиеи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Анатоли Альтштеин. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Жьҭаарамза алагамҭазы Агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко, Женева ЕАА ахаҭарнакцәа данырԥыла ашьҭахь аҳәамҭа ҟаиҵеит "Спутник V" азхаҵаразы ВОЗ аҿы аԥкрақәа зегьы аԥыхуп ҳәа, иаанхаз административтә процедурақәа роуп ҳәа. Уи ашьҭахь Аинвестициақәа рзы урыстәылатәи афонд аиҳабы Кирилл Дмитриев иазгәеиҭеит ВОЗ хара имгакәа алаҵа азханаҵоит ҳәа. "Спутник V" асертификациа иазхәыцуеит Европатәи амедицинатә маҵзурагьы (ЕМА). ЕМА ахаҭарнак Фергиус Свини жьҭаарамзазы иҳәеит арегулиатор алаҵа азхаҵара аграфик ЕЕ аҿы ахҳәаа шарымҭо. Мраҭашәаратәи акьыԥхьымҭақәа ирыҩуан ЕМА ари азҵаара 2022 шықәса актәи аԥшьбаранӡа иазхарҵарым ҳәа.
В Казани запустили проект по разработке вакцины от коронавируса - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.10.2021
Гамалеи ицентр иаку алаҵа аус адулара иалагоит
"ВОЗ ашықәс нҵәаанӡа "Спутник V" азхарҵар, европатәи арегулиатор – ЕМА ари иазхәыцыр алшоит. Иахьазы иҟоу азхамҵара зыдҳәалоу аҭыжьраҿы еиуеиԥшым апроцедурақәа роуп", - ҳәа аҩуеит агазеҭ "Известия", Альтштеин игәаанагара иалацәажәо.
Иара игәаанагарала, мраҭашәаратәи аиҿкаарақәа реиҳарак "Спутник V" ахаҭабзиаразы ҽԥныҳәак рымам.
"Уажәы алаҵақәа ҭрыжьуеит "аҭыжьратә практика" (GMP, Good Manufacturing Practice) инақәыршәаны. ВОЗ ахаҭарнакцәа арҭ аҭахрақәа ишрықәныҟәо иашьклаԥшуеит. Ҳара маҷ-маҷ урҭ аҭахрақәа ҳаҽрықәҳаршәалоит", - ҳәа иҳәеит Альтштеин.
Вакцинация жителей Симферополя от коронавируса - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.10.2021
"Спутник V" аклиникатә ҭҵаара ахԥатәи аетап хыркәшахеит
Иахьатәи аамҭазы "Спутник V" 71 тәыла, 4 миллиардк ауааԥсыра ахьынхо иазхарҵахьеит. Ари адунеи ауааԥсыра рҟынтәи 50% ыҟоуп.
Алаҵа 97,6% хра аманы иҟоуп, алаҵа ззыҟарҵахьоу урыстәылаа 3,8 миллионҩык ранализқәа рдыррақәа рыла. Ари уаанӡа амедицинатә журнал The Lancet иакьыԥхьхьаз адыррақәа иреиҳауп (91,6%).
Ажәабжьқәа зегьы
0