Аԥсны

Апроект "Ахьӡ архынҳәра" 2020-2021 шықәсазтәи аихшьаалақәа

Апресс-конференциаҿы иӡырган 1941 шықәсазы икаҳаз абомбакажьга аԥҽыхақәа. Ари аҳаирплан ала дԥыруан аԥсуа ԥырҩы Тарас Ҵәыџьба.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Sputnik апресс-центр аҿы имҩаԥысит жәларбжьаратәи арра-мемориалтә проект "Ахьӡ архынҳәра" анапхгаҩы, Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз аԥснытәи аибашьцәа рыԥшаара знапы алаку ипресс-конференциа.
"Ахьӡ архынҳәра" анапхгаҩы, автор Григори Скворцов еиҭеиҳәеит 2022 шықәсазы уаанӡа иӡит ҳәа ишьаз аԥснытәи аибашьцәа рҭаацәарақәа адокументқәа рыҭара ажәабатәи аиубилеитә церемониа шымҩаԥысуа.
"Апандемиа шыҟоугьы ҳусура аанҳажьуам, избанзар иҭахаз рҭаацәарақәа рҟынтәи азыҳәақәа рацәоуп. Ҳара ҳусура адаҳҳәалоит аԥсуа жәлар рдоуҳатә принцип - иҭахаз, иӡыз агәакьацәа рҭоурыхтә гәалашәара ишалшо ала амырӡра, аиқәырхара", - иҳәоит иара.
Ииасыз аамҭала еиҿкаан х-сиак, дара Атәылахьчара аминистрра арратә ҵараиурҭаҿы ишьҭоуп ҳәа иҳәеит Скворцов.
"Актәи асиа, арратә ҵараиурҭа акурсантцәа еиҿыркааз, аус здыруылаз - анемец лагерқәа рахь инанагаз аԥснытәи арҟаԥшьаа рсиа ауп. Аџьынџьтәылатә еибашьра архив агәра угозар, арҭ хабарда ибжьаӡыз роуп, ҷыдала аконцлагерьқәа рҟны иҭакыз", - иҳәоит иара.
Асиа иарбоуп 403-ҩык, апроект "Ахьӡ архынҳәра" алахәылацәа 169 ҭаацәара урҭ ирызку адокументқәа роуит.
Апроект "Ахьӡ архынҳәра" аԥсуа еибашьцәа рлахьынҵа шьақәнаргылеит
"Аҩбатәи асиа, ҳара ҳзы даара акраҵанакуеит, – арахь иаҵанакуеит 1941 шықәсазы еиҿыркааз, керчтәи амшынтә десанттә операциа алахәхара иазырхиаз абаталион аибашьцәа, 703-ҩык хабарда ибжьаӡит. Ҳара раԥхьаӡа акәны амаҵзура Sputnik асаит аҿы иаҳкьыԥхьит иԥшаау 132-ҩык рсиа харҭәаа, урҭ рахьтә 18-ҩык аҵыхәтәантәи амшқәа рзы иԥшаауп", - иҳәеит иара.
Ахԥатәи асиа – 1941 - 1945 шықәсқәа рзы Аԥсны агоспитальқәа рҿы ишьҭаз, рыхәрақәа ирыхҟьаны зыԥсҭазаара иалҵны ареспублика аҵакыраҿы анышә иамадоу Ар Ҟаԥшь асолдатцәа роуп.
"Ахьӡ архынҳәра": хабарда ибжьаӡыз Виктор Канџьариа ихаҭара шьақәыргылоуп
"Ари акраҵанакуеит Асовет еидгылаҿ инхоз рзы, избанзар дара уажәы арҭ аԥсыжырҭақәа рахь рнеиразы алшара рымаӡам. Асиа шьақәҳаргылеит, уи Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра арра-медицинатә архив аҟынтә ибзиоуп ҳәа адырра ҳарҭеит. Ҳара иаҳуалуп игәыгәҭажьу аԥсыжырҭақәа мемориалны рыҟаҵара, уи ашьҭахь СССР ареспубликақәа рҟынтәи рҭаҳцәа аҭааразы алшара рзаԥҵароуп", - иҳәеит иара.
Апресс-конференциаҿы иӡырган 1941 шықәсазы икаҳаз абомбакажьга аԥҽыхақәа. Ари аҳаирплан ала дԥыруан аԥсуа ԥырҩы Тарас Ҵәыџьба.
1941 шықәсазы икаҳаз абомбакажьга аԥҽыхақәа
"1939 шықәса рзы иара Аԥснынтәи дцаны Ленинградтәи авиациатә школ дҭалеит. Даналга еибашьра дцеит. 1941 шықәса нанҳәамзазы аекипаж адҵа нанагӡон Москва амҵан, Ельни иахьаҵанакуаз. Аҳаирплан адҵа нагӡаны шьҭахьҟа ианыгьыжьуаз азениткақәа рыла еихсит. Ельни аа-километрак иацәыхараны икаҳаит. Ԥхынгәымзазы адырра сырҭеит аҳаирплан ԥшаауп ҳәа. Сара иаразнак амҩа сықәлеит. Ақалақь аԥшааҩцәеи ахадара аусзуҩцәеи Ҵәыџьаа рҭаацәаразы исырҭеит аҳаирплан аԥҽыха. Ҳара дҳаԥшааит иашьа гәакьа Владимир, иуа-иҭахы", – иҳәеит Скворцов.
Арра-мемориалтә проект "Ахьӡ архынҳәра" анемец фашистцәа ирытҟәаз аибашьцәа ргәалашәара акамыршәра иазырхоуп, аибашьра Ду аҿы иӡыз рҭаҳцәа урҭ рыԥшаараҿы ирыцхраауиет.
Аԥсны
Аибашьра ду аибашьцәа ирызку афильм "Аԥшаара" аԥхьарбара мҩаԥысит Аҟәа