Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аибашьра ду аибашьцәа ирызку афильм "Аԥшаара" аԥхьарбара мҩаԥысит Аҟәа

© Sputnik / Бадрак Авидзба Предпремьерный показ фильма "Поиск".
Предпремьерный показ фильма Поиск. - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.12.2021
Анапаҵаҩра
Адокументалтә фильм "Аԥшаара" аҭыхра мҩаԥысит Москва аиҳабыра рыцхыраарала, аҳәаанырцә инхо аџьынџьуаа рыԥсҭазаара аарԥшра иазку аԥаразоужьра аҳәаақәа ирҭагӡаны.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 10– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. 1941-1945 шықәсқәа раантәи аибашьра ду аҟны хабарда ибжьаӡыз Аԥсны атәылауаа, аибашьцәа рыуацәа-рҭынхацәа рыԥшаараз аусура иазку афильм "Аԥшаара" аԥхьарбара мҩаԥысит Аҟәа.
"2016 шықәса раахыс Аԥсны, Атәылахьчара аминистрра адгыларала имҩаԥысуеит амемориалтә проект "Ахьӡ архынҳәара". Апроект ахықәкы – Ар ҟаԥшь аибашьцәа, хабарда ибжьаӡыз ма иҭахаз рҭоурых гәалашәара ахьчароуп. Ҳара еиқәҳархар ҳҭахуп Аџьынџьтәылатә еибашьра ду алахәылацәа, амилаҭқәа зегьы рдоуҳатәи рҭоурыхтәи беиара. Апроект жәларбжьаратәи аҟазшьа амоуп. Имҩаԥысуеит Ҟрым, Киргизиа. 10 нызқь рҟынӡа жәла ИАР ареспубликақәа хәба ирзынаҳашьҭхьеит", - еиҭеиҳәоит апроект анапхгаҩы Григори Скворцов.
Апроект иахәҭа хаданы иҟоуп адокументалтә кино аҭыхра ҳәа иҳәеит иара.
"Ауснагӡатә иалахәуп Аҟәатәи арратә ҵараиурҭа акурсантцәа. 2016 шықәса аахыс акурсантцәа апроект иалахәуп. Абри аамҭала 129 ҭаацәара ҳаԥшааит. Иахьа иӡыраагоит адокументалтә фильм "Аԥшаара". Ари арратә курсантцәа русура иазкуп" иҳәеит Скворцов.
Мвд Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.12.2020
Аԥсны ААР Керч иҭахаз рыуацәеи-рҭынхацәеи рышьақәыргылара иаҿуп
Ареспубликаҿ 1992-1993 шықәсқәа рзы архивқәа блит азы апроект "Ахьӡ архынҳәра" агәакьацәа рыԥшаара акыр ауадаҩра ацуп.
"Ари зегьы афильм аҿы иубарҭоуп. Афильм абиуџьет 700 нызқьмааҭ иҟоуп. Афильм Аԥсны анҭыҵ акинофестивальқәеи ателеканалқәеи рҿы идурбар алшоит" - иҳәеит иара.
Днепр аҟны аибашьра - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.09.2019
Апроект "Ахьӡ архынҳәра" аԥсуа еибашьцәа рлахьынҵа шьақәнаргылеит
Афильм иалахәуп апрофессионалтә актиорцәа, хабарда ибжьаӡыз рыуацәа. Апроект "Ахьӡ архынҳәра" аҳәаақәа ирҭагӡаны иҭыху аҩбатәи фильм ауп "Аԥшаара". Асценари автор, арежиссер Дмитри Статеинов еиҭеиҳәеит актәи афильм афырԥҳәызба Леила Агрԥҳа лҭоурых аҩбатәи афильм аҿгьы ишацҵо.
"Лҭоурых ҳарҭбааит. Лхәыҷра ҭаҳхит. Аԥшаарақәа шцоз инарҭбааны иааҳарԥшит. Афильм егьырҭ афырхацәагь алоуп, иаҳҳәап Иван Паниухно, аконцлагер иҭакыз. Иара дҳаԥшааит Хосҭа. Акурсантцәа рыбзоурала егьырҭ ауааԥсырагьы рҭахцәа рҭоурыхқәа еилыркааит. Леила Агрԥҳа "Жди меня" ала лаб иԥшаара дашьҭан. Илылшоз зегь ҟалҵон", - иҳәеит иара.
Ляля Агрба - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.04.2020
Арадио
Агрԥҳа лаб Азиз изкны: Аиааира Ду ааигәахо ианалагалак ҳахәрақәа ҿыц еиҭахтуеит
Афильм 45 минуҭ ицоит. Аус адыруылон хышықәса.
"2018 шықәсазы аҭыхра ҳалагеит, ҳалгеит 2019 шықәсазы. Аҽа шықәсык ихаҳарҭәаауан, иацаҳҵон", - еиҭеиҳәоит Статеинов.
Москва ажьырныҳәа анҵәамҭазы идырбахоит, Аԥсны – акультуратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара азин шыҟалалак. Афильм аҭыхра иацхрааит Москва аиҳабыреи, Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатеи, Атәылахьчара аминистрреи.
Ажәабжьқәа зегьы
0