Аԥсны

Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа Ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа еизеит

Уи аамҭазы Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа имҩаԥысуеит аоппозициаа рмитинг.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны ахада идгылаҩцәа Иусбарҭа аҿаԥхьа еизеит.
Аҩаша шьыжьаахыс аиҳабыратә хыбрақәа рыкәша-мыкәша аихатә гәарақәа рыла ихкаауп, амшын аԥшаҳәа аганала- автобусқәа ргылоуп.
Ԥхынҷкәын 20 рзы Аслан Бжьаниа атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит амитинг алахәра рҽацәхьаркырц азы.
Аԥсны
Аҟәа имҩаԥысуеит аоппозициатә мчрақәа рмитинг
Бжьаниа иазгәеиҭоит атәыла анапхгара аауадаҩрақәа шыҟоу мап шацәырымкуа, аха уи иахҟьаны атәыла аҩнуҵҟа аҭагылазаашьа арблаҟьара ииашам.
Аԥсны АА рминистр Вальтер Быҭәбеи Аԥсны АШәМ ахантәаҩы Роберт Киути ааԥхьарақәа ҟарҵеит амитинг алахәхара мап ацәыркырц. Ирҳәеит азинхьчаратә усбарҭақәа азакәан иаҿагыло аусқәа зегьы шаԥдырҟәҟәаауа.
аҵыхәтәантәи аҿагыларатә акциақәа Аҟәа имҩаԥган абҵара 4 рзы. Амитинг хә-сааҭк иназыныԥшуа ицон. Ахыркәшымҭаз атәыла ахада инапынҵқәа шьҭаиҵарц азы ақәҵара рыдыркылеит.