Аԥсны

Аԥсны АКХ хәышықәсатәи аусура аихшьаалақәа ҟанаҵеит

Аԥсны алхратә комиссиа Хада азинмчра хыркәшахоит ԥхынҷкәын 23 рзы. 2016 шықәса рзы АКХ ахантәаҩыс далхын Ҭамаз Гогьиа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 – Sputnik. Аԥсны алхратә зинқәа аазырԥшуа азакәан адкылара ахәҭоуп, абри атәы иҳәеит ателеканал Абаза-ТВ аинтервиу азҭаз Аԥсны алхратә комиссиа Хада ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа.
Иахьазы АКХ аиҿкаара ҳәаақәнаҵоит Аԥсны Жәлар реизарахь алхрақәа рзакәан.
"Хшыҩҵакык ыҟам. Аԥсны алхратә зинқәа аазырԥшуа, АКХи егьырҭ акомиссиақәеи реиҿкааразы аԥҟара зныԥшуа азакәан адкылара ахәҭоуп. Ари азакәан шьаҭас иганы ахада, адепутатцәа ралхрақәа рзы азакәан аԥҵахароуп", - иҳәеит Гогьиа.
Ҭамаз Гогьиа
Аԥсны алхратә комиссиа Хада ахантәаҩы
Алхратә комиссиа хада аппарат аҿы аус руеит 15-ҩык. Ааҩык алахәылацәа Апарламент иалнахуеит, быжьҩык атәыла ахада иеиҭоит.
"Акомиссиа ауаажәларратә шьаҭа аманы аус ауеит. Урҭ зегьы абри аус аҿы иҟазацәам. Изықәныҟәаша аԥҟарақәа анрымоу русура еиҳа еиҿкаахоит", - иҳәеит иара.
Аԥсны АКХ еиҿыркаауеит алхрақәа ррыцхә анрыларҳәа ашьҭахь бжьымш рышьҭахь. Актәи аилатәараан ахантәаҩы, ихаҭыԥуаҩ, амаӡаныҟәгаҩ алырхуеит. Урҭ аулафахәы рзыршәоит, арҵаратә, аҭҵаарадырратә, арҿиаратә усура ада аҽакы рнапы аларкыр ҟалом.