АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 - Sputnik. Урыстәыла ААР аминистр Сергеи Лавров аҳәамҭа ҟаиҵеит урыстәылатәи арратә базақәа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҳәаақәа ршәарҭадара иахылаԥшуеит ҳәа.
"Анапы зҵаҩу аиқәшаҳаҭрақәа инарықәыршәаны уа ҳарратә базақәа гылоуп, ҳадгылаҩцәа рҳәаақәа рыхьчара иацхраауеит" ҳәа аминистр иажәақәа аанагоит РИА Новости.
Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр иҳәеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Инал Арӡынбеи Дмитри Медоевы Қырҭтәыла НАТО алахалара азҵаара ишаламцәажәаз.
"Ҳара агипотетикатә сценариақәа ҳрыламцәажәеит, ақырҭуа жәлар рҭахра иамызҵаакәа Аҩада Атлантикатәи алианс алагалара аиԥш иҟоу азҵаара аҩызцәа", - иҳәеит Лавров..
Ԥхынҷкәын 20 рзы Шәача имҩаԥысит Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рхадацәа реиԥылара.