Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Инал Арӡынба Сергеи Лаврови иареи реиԥылара еихишьалеит

© МИД Абхазии Инал Ардзинба и Сергей Лавров
Инал Ардзинба и Сергей Лавров - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.12.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рхадацәа Инал Арӡынбеи Сергеи Лаврови реиԥылара мҩаԥысит ԥхынҷкәын 20 рзы Шәача.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 - Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Сергеи Лаврови иареи реиԥылара еихишьалеит.
"Ҳаиԥылараҿ ҳалацәажәеит хра злоу азҵаарақәа жәпакы- асоциал-економикатәи ҿиара, акультура, атуризм. Раԥхьа иргыланы ҳалацәажәеит ҳакәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа, НАТО, Қырҭтәылеи, Украинеи раԥшьгарала Амшын еиқәаҿы имҩаԥысуа аҽазыҟаҵарақәа уҳәа убас ирацәаны", - иҳәеит Арӡынба.
Иара убас Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рхадацәа иазааҭгылеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа. Аԥсны ААР ахада иҳәеит, арҭ аиҿцәажәарақәа атәылазы кыр зҵазкуа акакәны ишыҟоу, избан акәзар жәларбжьаратәи аполитикаҿы Аԥсны иара ахатә ҭыԥ ҷыда амоуп.
Арӡынба иажәақәа рыла, иара убас, иазааҭгылеит аинформациатә политика арӷәӷәара.
"Ҳалацәажәеит Аԥсны ААРи Урыстәыла ААРи еицырзеиԥшу, иаку рмедиацентр, ари Аԥсны аинтересқәа аларҵәаразы ицхыраагӡахоит. Иара убас, амедиацентр ахархәарала Аԥсны аганахьала иҟарҵо аҳәамҭақәа иаразнак ахҳәаа рыҭаразы ихәарҭахоит. Ари зегьы Аԥсны аинформациатә политика арӷәӷәоит",- иҳәеит Аԥсны ААР ахада.
Иара убас, аиԥылараҿы иазааҭгылеит Урыстәылатәи асубиектқәеи ҳтәылеи реизыҟазаашьақәа арӷәӷәара.
"Аиҿцәажәарақәа ахьымҩаԥааго ҭыԥны иҟаларц аԥсуа аинвестициатә форум аԥҵара ҳалацәажәеит, иара мҩаԥыслоит Урыстәыла арегионқәа рҿы, урҭ арегионқәеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа аҿиара ахьалшо. Ари апроект анагӡара ҳгәы иҭоуп ахәаахәҭра-ааглыхратә палата алархәны", - иҳәеит Арӡынба.
2014 шықәсазы знапы зҵаҩыз Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра ахԥатәи ахәҭаҷ излаҳәо ала, Урыстәыла ацхырааралеи раԥшьгаралеи имҩаԥгахо аусқәа зегьы рҟны Аԥсны мҽхакы ҭбаала аҽалархәразы аагылара шыҟарҵо, иҳәеит аминистр.
"Еиуеиԥшым аинтерес зҵоу, зынагӡара алыршахо апроектқәа ҳрылацәажәеит. Ҳәарада, иазгәаҳҭеит ҳҳәынҭқарра аҿиара, аекономика, асоциалтә ган иҭышәынтәаланы имҩаԥысроуп ҳәа. Асоциал-економикатәи ҿиаразы ихымԥадоуп аҭышәынтәалара. Иахьатәи ҳтышәынтәалара- ҳақәҿиара ҿыцқәеи, уаҵәтәи ҳаихьӡарақәеи роуп",- иҳәеит иара.
Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рхадацәа Инал Арӡынбеи Сергеи Лаврови реиԥылараҿ иалацәажәеит Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа ирыҵаркуа азҵаарақәа, ҩ-ганктәи амшхәаԥштә азҵаара хадақәа рзы ргәаанагарақәа еибырҳәеит.
Инал Ардзинба и Сергей Лавров - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.12.2021
Аԥсны
Инал Арӡынбеи Сергеи Лаврови агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит
Ажәабжьқәа зегьы
0