АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 – Sputnik. Атәыла ахада Аслан Бжьаниа аоппозициа рхаҭарнакцәеи иареи реицәажәара дазыхиоуп мышқәак рышьҭахь, аҭагылазаашьа ҭышәынтәалар, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Аҭҵаарадырреи акультуреи рзы ахада иабжьгаҩ Нугзар Логәуа. Абри атәы аҩуеит "Аԥсныпресс".
Аԥсны ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа еизаз идгылаҩцәа рахь днеит Логәуа, Атәыла ахадеи аоппозициеи реицәажәара ашьҭахь.
"Аоппозициа рхаҭарнакцәа Атәыла ахада еизаз рахь днеирц иарҳәеит. Ахада иҳәеит уи дшақәшаҳаҭым, избан акәзар акоронавирус аламырҵәаразы ихаҭа инапы зҵаиҩыз аусԥҟақәа иизеилагом. Аха убри аан иҳәеит аоппозициа рхаҭарнакцәеи иареи реицәажәара дазыхиоуп мышқәак рышьҭахь ҳәа", - иҳәеит Логәуа.
Ԥхынҷкәын 21 рзы Аҟәа имҩаԥысуеит ззин ыҟам аоппозициатә мчрақәа рмитинг.
Аоппозициатә мчрақәа рмитинг алахәылацәа Атәыла ахадеи дареи реиқәшәара ашьҭахь, Жәлар Реизара ахыбрахь идәықәлеит. Дара ирылшеит ҩ-автобуск реиҭагара.
Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа Жәлар Реизара ахыбра иажәлаз раанкылара рҽазыршәеит.