Аԥсны

Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит аԥшьаша ԥхынҷкәын 23 рзы

Аҟәа ахәҭак ауааԥсыра ӡыда иаанхоит асааҭ 00:00 - 15:00 рзы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 22 – Sputnik. Аҟәа ахәҭак ауааԥсыра ӡыда иаанхоит асааҭ 00:00 - 15:00 рзы аԥшьаша ԥхынҷкәын 23 рзы, абри атәы аанацҳауеит "Аӡыканал".
Аԥсны
Аҟәатәи аӡыҭгагатә станциақәа рзы атрансформаторқәа аахәоуп
Аӡы аанкылахоит аӡыҭгагатә станциа №4 аҟны аремонттә усурақәа инарыдҳәаланы.
Аҳҭнықалақь араионқәа: Аҳабла ҿыц, Ажәытә ҳабла, Ешба имҩа, Колос араион, Адыгаа рымҩа, авокзал араион, ВИЕМ ӡыда иаанхоит.
Ақалақь агәы аҿы аихагыла ҳаракқәагьы ӡыда иаанхар рылшоит.