Аԥсны

Аныҳәамшқәа рзы аԥсаӡқәеи аԥсақәеи рыԥҟара азин ыҟам Аԥсны

Аԥсны Аминистрцәа реилазаара Ақәҵара анагӡашьа ахылаԥшра рнапы ианҵоуп Аԥсны Абнанхамҩа аҳәынҭқарратә усбарҭа, Аԥсабара ахьчареи аекологиеи рзы Аҳәынҭеилакы, Аԥсны ААР.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 22 - Sputnik. Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара Ақәҵара инақәыршәаны Аԥсны аҵакырадгьыл иахьаҵанакуа аԥсеи аԥсаӡи рыхҵәара азин аанкылоуп, иара убасгьы Урыстәылатәи Афедерациаҟынтәи адац змам аԥса аагара ҟалом. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аминистрцәа реилазаара асаит.
Аԥсны абнанхамҩа аҳәынҭқарратә Усбарҭа, Аԥсабара ахьчареи аекологиеи рзы Аҳәынҭеилакы, Аԥсны ААР Аминистрцәа реилазаара Ақәҵара анагӡашьа ахылаԥшра рнапы ианҵоуп.
Ақәҵара Аҟәеи ареспублика араионқәа рхадарақәеи ирабжьнагоит аныҳәақәа разгәаҭаразы иԥсабаратәым аԥсаӡқәа ахархәара рырҭарц.