Аԥсны

Аԥсны АҶА амшқәа шыцәгьахо азы адырра ҟанаҵоит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 22 – Sputnik. Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра амҩақәа ирықәҵаар шалшо азы ауааԥсыра ргәырҽанырҵоит. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Адырраҭараҿы иазгәаҭоуп, излауала амашьынарныҟәцаҩцәа амҩа хара иқәымларц, имыццакларц.
Аԥшьаша, ԥхынҷкәын 23 рзы Аԥсны амш шәшьуеит, ҽынла ақәабаа-сабаа, ҭыԥқәак рҟны асы леир ҟалоит, ашьха амҵани ашьхарахьи асы леиуеит.