Аԥсны

Аԥсны COVID-19 даҽа 88-ҩык ирыдырбалеит

Аԥсны аепидемиа ҵысижьҭеи аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 37235-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 29608-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 551-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 22 – Sputnik. COVID-19 азы атестқәа арҭеит 410-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 88-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 90-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 35-ҩык, ибжьаратәуп - 65-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 42-а, урҭ рахьтә 20-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 21-ы, урҭ рахьтә жәҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 12-ҩык, урҭ рахьтә хҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы 16-ҩык ачымазцәа шьҭоуп.