АҞӘА, ԥхынҷкәын 22 - Sputnik. НАТО аҽазыҟаҵарақәа раан Урыстәыла иаҿагыло акоалициатә гәыԥқәа: Қырҭтәыла, Молдавиа, Украина рхархәара мҩаԥнагоит ҳәа иҳәеит Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу. Абри атәы аҩуеит РИА Новости.
"НАТО ар алианс мрагыларатәи афланг ахь рынашьҭра азҵаара аус аднауылоит. Аҽазыҟаҵарақәа раан Урыстәыла иаҿагыло акоалициатә гәыԥқәа: Қырҭтәыла, Молдавиа, Украина рхархәара мҩаԥнагоит", - ҳәа иҳәоит Шоигу.
Иара иҳәеит ЕАА ар урыстәылатәи аҳәаақәа ишырзааигәахо, Мрагыларатәи Европа атәылақәа рҿы америкатәи ар гылоуп ҳәа. ЕААи НАТОи Урыстәыла ааигәара рҽазыҟаҵарақәа дырҭбаауеит, рхы иадырхәоит астратегиатә авиациа.