Путин ЕАА аиуристтә хәдықәҵарақәа рыгәра игом

© Sputnik / POOL / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин провел совещание с членами правительства РФ
Президент РФ В. Путин провел совещание с членами правительства РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.12.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ААР ԥхынҷкәын 17 азы иакьыԥхьит ашәарҭадаратә гарантиақәа рзы ЕААи НАТОи рықәшаҳаҭрақәа рыпроектқәа.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 22 – Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин аҳәамҭа ҟаиҵеит ЕАА аиуристтә гарантиақәа рыгәра шыимго. Абри атәы аҩуеит РИА Новости.
"Аҭакԥхықәра змоу аиқәшаҳаҭрақәа ыҟазароуп, аха ибашацәажәарамкәа. Асеиԥш ҿырҳәалатәи ацәажәарақәа зеиԥшроу бзиан иаадыруеит", – иҳәеит Путин Атәылахьчара аминистрра аколлегиа аилатәараҿы.
Ахада иҳәеит Еиду аштатқәа жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа ианаарҭаху ирылҵуеит ҳәа.
Урыстәыла ашьакаҭәара иаҿагылоит, иаҭахуп азҵаарақәа политика-дипломатиатә мҩала рыӡбра. Убри азы ЕАА ашәарҭадаратә гарантиақәак рганахь ала ажәалагалақәа ҟанаҵоит ҳәа ҳаԥшуп иҳәеит иара.

"Бџьаршьҭыхлатәи аимакқәа, ашьакаҭәарақәа ари ҳара иалаҳхуа акәӡам. Усеиԥш ҟаларгьы ҳҭахӡам. Иаҳҭаху аполитика-дипломатиатә мҩала азҵаарақәа рыӡбароуп", - ҳәа иҳәеит Путин.

Ԥхынҷкәын 17азы Урыстәыла ААР иакьыԥхьит ЕААи НАТОи рықәшаҳаҭрақәа рыпроектқәа. Адокументқәа Вашингтони уи адгылаҩцәеи ирзынашьҭуп. Аиқәшаҳаҭра апроект апунктқәа ируакуп НАТО Украина аҵакыраҿы аҽшамырҭбаауазы агарантиақәа рыҟаҵара. РИА Новости аинтервиу азҭаз Урыстәыла ААР ахада ихаҭыԥуаҩ Сергеи Риабков иҳәеит ЕААи НАТОи Урыстәыла аҭахра иазхьамԥшыр аимак аҽарҭбаауеит ҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0