Аԥсны

"Амшынеиқәафымцамч" адырра ҟанаҵоит амшцәгьа иахҟьаны амашәырқәа аҭыԥ шрымоу

Аԥсны амшын иахьазааигәоу аҭыԥқәа рҿы асы леит ԥхынҷкәын 23 ауыха.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 - Sputnik. АУН "Амшынеиқәафымцамч" адырра ҟанаҵоит амшцәгьа иахҟьаны ареспубликаҿы амашәырқәа аҭыԥ шрымоу.
Аҟәа араион аҟны акабельқәа ҩба ааха роуит. Уи инадҳәаланы астанциа маҷ "Аҟәа-1" ДЕПО, Титов имҩа ахәҭа, арратә комиссариат араион иахьрыҵаркуа лашарала еиқәзыршәо аихшаратә цәаҳәақәа ырцәан.
Ааха аман астанциа маҷ "Синоп". Уи иахҟьаны лашарада иҟоуп Турбаза, Ацҳа ҟаԥшь, Ацҳа шкәакәа, Батумскаиа, Комсомольскаиа, Ҷанба амҩақәа руааԥсыра.
Аенергетикцәа аусурақәа мҩаԥыргоит. Амш иалагӡаны аиԥҟьарақәа аԥыххоит.
Аԥсны
Аԥсны агаҿа раԥхьатәи асы леит