Аԥсны

Арӡынба: Урыстәыла азы акраҵанакуеит Аԥсны аҩнуҵҟаполитикатә ҭагылазаашьа ҭышәынтәала

Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа Сергеи Лаврови Инал Арӡынбеи Шәача, ԥхынҷкәын 20 рзы реиԥылараан наҟ-ааҟ аинтерес ззеицрымоу атемақәа ирылацәажәеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 – Sputnik. Стратегиатә партниорк аҳасаб ала Урыстәыла азы акраҵанакуеит Аԥсны аҩныҵҟаполитикатә ҭагылазаашьа ҭышәынтәала, абри атәы иҳәеит Сергеи Лаврови иареи реиԥылара ахҳәаа анеиҭоз Аԥсны ААР аминистр Инал Арӡынба.

Арӡынба иазгәеиҭеит Аԥсны жәларбжьаратәи ахьӡ, адәныҟаполитикатә еимадарақәа рырҭбаара, асоциал-економиатә программақәа рынагӡара аҩнуҵҟаполитикатә ҭагылазаашьа ҭышәынтәала иахьыԥшуп ҳәа.

Сергеи Лаврови иареи реиԥылара ахҳәаа анеиҭоз Аԥсны ААР аминистр Инал Арӡынба иҳәеит Аԥсни Урыстәыла арегионқәеи реицусура арҭбаара, аинвестициақәа радыԥхьалара ишрылацәажәаз.
Аԥсны
Инал Арӡынбеи Сергеи Лаврови Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьа хадақәа ирылацәажәеит
Арӡынба иҳәеит Аԥсны амилаҭтә интересқәа рыхьчареи рыларҵәареи хықәкны иҟаҵаны аинформациа аларҵәараҿы Урыстәыла шацхраауа.
Аганқәа алацәажәеит Аԥсны ААРи Урыстәыла ААРи еицырзеиԥшу Амедиацентр аартра.
Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа Сергеи Лаврови Инал Арӡынбеи аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа рызҵаарақәа ирылацәажәеит, ргәаанагарақәа еибырҳәеит.
Аԥсны
Инал Арӡынба Сергеи Лаврови иареи реиԥылара еихишьалеит