Аԥсны

Аԥсны АҶА аусзуҩцәа ахьҭаҟалара иахырҟьаны ҷыдалатәи аусура иалагеит

Ԥхынҷкәын 23 ауыха Аԥсны ихьшәашәарахеит, асы леит. Иҟоуп амҩақәа ахьықәҵаазгьы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 - Sputnik. Аԥсны АҶА аусзуҩцәа ҷыдалатәи аусура иалагеит ахьҭаҟалара, аслеира, аҵаара ирхырҟьаны, ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Очамчыра аԥшаара-аиқәырхаратә аҟәшеи Аҳәынҭавтоинспекциеи шьыжьнаҵы араионқәа рыҟны еиҳа ишәарҭоу амҩақәа хылаԥшра рырҭоит.
Гагратәи аиқәырхаратә ҟәша аусзуҩцәа Цандрыԥшь иахьаҵанакуа амҩахәҭаҿы ацхыраара рырҭоит аси аҵааи ирыхҟьаны еилахаз аидарамҩангага машьына дуқәа.
Аԥсны
Аԥсны АҶА амшқәа шыцәгьахо азы адырра ҟанаҵоит