АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 – Sputnik. Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа заҵәык роуп Украина аимак аҭышәныртәалара зылшоны ҳәа иҟоу, аха Украина урҭ рықәныҟәара аҭахӡам ҳәа иҳәеит Владимир Путин.
"Украинатәи анапхгара ҩынтә ирыӡбахьеит амч ахархәарала Донбасс анапахьы аагара. Ҩынтә аҳәара ҟаҳҵахьан ус еиԥш иҟаз ашьаҿақәа ҟарымҵарц. Хаҭала сара аҳәара исҭеит Украина усҟантәи ахада Порошенко. "Арратә операциа ада". – "Ааи-ааи" – нас аибашьра хдыртит. Иалҵшәахеит ацәыӡқәа, ар рытҟәара, Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа. Урҭ бзиоу ибзиаму? Дара заҵәык роуп ихәарҭоу ҳәа срыхәаԥшуеит. Аха рынагӡара рҭахым", - ҳәа иҳәеит Путин есышықәсатәи апресс-конференциаҿы.