Путин: Украина ахԥатәи арратә операциа аҽазыҟанаҵоушәа агәаанагара ҳамоуп

© AFP 2023 / NATALIA KOLESNIKOVAВладимир Путин
Владимир Путин - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.12.2021
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 – Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Украина ахԥатәи арратә операциа аҽазыҟанаҵоушәа агәаанагара ҳамоуп иҳәеит ԥхынҷкәын 23 рзы имҩаԥысуа апресс-конференциа ду аҿы.
"Шәхы алашәымгалан ҳәа иршьоит. Аха зхьамԥшшьас иҳамои", - иҳәеит иара.
Путин иазгәеиҭеит Москва ашәарҭадара иазхәыцуа "Украина иҟаларызеишь" ҳәа иԥшуазароуп.

"Украина имҩаԥысуа еснагь ҳалаԥш ахызароуп – иарбан бџьару уахь инарго, арадикалцәа рхы шымҩаԥырго", - азгәеиҭеит ахада.

Путин иазгәеиҭеит адесколациа шьаҭаны иамоу Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа рымацара шракәу.
Встреча глав МИД РФ и Монголии С. Лаврова и Б. Батцэцэг - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.12.2021
Лавров: Урыстәыла Украина аҵәаҵаҵарақәа ирыхәҭоу аҭак рнаҭар алшоит
Арегион аҿы аҭагылазаашьа аиҳара зыхҟьо Киев Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа иахьрықәымныҟәо ауп. Ар рынаскьагара, ахысрақәа раанкылара рцынхәрас ВСУ ДЖәРеи ЛЖәРеи рҳәаахь иааскьоит, ззин ыҟам абџьар ала ирылахысуеит. ЕАА акәзар Украина абџьар азаанашьҭуеит, Амшын еиқәаҿы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥнагоит.
Убри аан Мраҭашәара Урыстәыла Украина алалара гәҭакыс иамоуп ҳәа рҳәоит. Москва уи мап ацәнакуеит, ар ахатә ҵакыраҿы реиҭаҵра аӡәгьы хьаа инаҭом ҳәа ахырҳәаауеит. Кремль иазгәарҭоит ари Аҩада Атлантикатәи алианс урыстәылатәи аҳәаақәа разааигәахароуп изызку.
Владимир Путин иҳәеит НАТО абџьар агәыларатә тәылаҿы аҟазаара Москва аҳәынҭқарраз ишәарҭароуп ҳәа ишаашьо.
Ажәабжьқәа зегьы
0