Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра акоронавирус аҟынтә ахәшә "Мир 19" ашәҟәы иҭанаҩит

Ахәшә ҿыц аингалиатор ахархәарала ԥсыԥлагаҩагарыла иуыдукылоит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 - Sputnik. Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра акоронавирус аҟынтә ахәшә "Мир 19" ашәҟәы иҭанагалеит, ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Афедералтә медико-биологиатә маҵзура (ФМБА) апресс-маҵзура адыррақәа рышьаҭала.

"Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра акоронавирус ҿыц аҟынтә ахәшә "Мир 19" ашәҟәы иҭанагалеит. Иара Афедералтә медико-биологиатә маҵзура (ФМБА) анапхгаҩы Вероника Скворцова лнапынҵала ФГБУ "ГНЦ Институт Иммунологии" ФМБА России" аҿы аус адуылоуп" аҳәоит адырраҭараҿы.

"МИР 19" — аетиотроптә хәшәуп, шьаҭаны имоуп РНК аинтерференциатә механизм. Ҩ-еилазаарак рыла ишьақәгылоуп.
Ахәшә ҿыц аингалиатор ахархәарала ԥсыԥлагаҩагарыла иуыдукылоит. Иара анырра ҟазҵо аҟазшьа ҷыдақәа адбалам, авирус аизҳара алнаршом.