АҞӘА, ԥхынҷкәын 24 – Sputnik. Аԥсны амилаҭтә банк аԥарахсаалага "АԤРА" азы 2022 шықәса цәыббра-абҵара амзақәа рзы амобилтә цҵа азнархиоит ҳәа иҳәеит афинансқәеи, ашәахтәқәеи, акредиттә еиҿкаарақәеи, абиуџьети рзы Апарламенттә еилакы аилатәараҿы абанк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа.
Иара иажәақәа рыла, ацҵа иалнаршоит аԥарахсаалага "АԤРА" аҟынтә аԥарақәа урыстәылатәи абанкқәа рахь онлаинла рыиагара. Бараҭелиа иазгәеиҭеит иахьазы "АԤРА" ахь урыстәылатәи аԥарашәаратә системақәак рҟынтә аԥараиагара шалшо.
"Хәажәкырамзазы имаҷымкәа абанкқәа ари апроект иадҳәалахоит". - иҳәеит иара.
Абанк ахантәаҩы иҳәеит апроект аусуразы аҟәша ҿыц шаарттәу, урыстәылантәи IT-аҟазауаа шааԥхьатәу.
Аԥсны Абанк адырра ҟанаҵоит асистема "АԤРА" аҿы имҩаԥгоу аоперациақәа 2021 ашықәсазы 19 миллиард мааҭ дыртәеит ҳәа.
2021 шықәсазы ахсаалага АԤРА "World" аҳәаанырцә мҽхакы ҭбаала ахархәара аиуит.
"АԤРА" аԥарашәаратә ҳа – хнызқь терминал ыҟоуп, атауарқәеи амаҵзурақәеи ахьырҭиуа аҭыԥқәа рҿы.