Аԥсны

Автобустә хырхарҭа ҿыц Аолимпиатәи апарки аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоуи" еимнадоит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 24 – Sputnik. Ажьырныҳәа 1 инаркны аусура иалагоит автобустә хырхарҭа ҿыц – Аолимпиатәи апарки аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоуи" еимаздо, ҳәа аанацҳауеит апортал Sochinews.
Ахырхарҭа хыԥхьаӡарас иаҭоуп 539. Ашықәс ҿыц азы афедералтә ҵакыра "Сириуси" Шәачеи иныҟәо автобусқәа ҩбаны иҟоу рномерациа иацҵахоит аԥхьаӡац "5", хԥаны иҟоу рномерациаҿ "1" "5 ҳәа иԥсаххоит.
Ахырхарҭақәа реихшанҵеи рныҟәара ахсаала реилкаара алшоит Шәача ахадара атранспорти амҩатә нхамҩеи рдепартамент асаит transport.sochi.ru аҿи амобилтә цҵа "Транспорт.Сочи" аҿи.