Аԥсны

Аҟәа ауада амца акны иблит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 27 - Sputnik. Аҟәа, Аиааира амҩаҿы ауада блит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА.
Амцакра ҟалеит ҳәа аусбарҭахь адырра ҟаҵан асааҭ 01:48 азы. Амца дырцәон амцарцәага амашьынақәа ҩбеи аиқәырхаратә ҟәшаки.
Амца иахҟьаны акрыфарҭа ҩныблааит. Аӡәгьы ааха имоуит.