Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара 2022 шықәсазы апандемиа иаиааишьоу иҳәеит

Жәларбжьаратәи аепидемиаҿагыларатә хиара Амш азгәарҭоит 2020 шықәса ԥхынҷкәын 27 аахыс.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 27 – Sputnik. Адунеи еилазаара рымчқәа еибырҭароуп 2022 шықәсазы 70% ауааԥсыра рлаҵаҟаҵара, акоронавирус аиааиразы. Абри атәы иҳәеит агазеҭ "Известия" аинтервиу азҭаз Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара ахада Тедрос Гебреиесус.
Уи адагьы аиҳабыра агәабзиарахьчаратә усхк аҟны ауснагӡатә ҷыдақәа рыдыркылалароуп авирус аштамм ҿыцқәа рыҭҵааразы.
Аҵарауаа акоронавирус ауаҩы ицәа иахьынӡалахо шьақәдыргылеит
Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи еиҿкаара ахада ааԥхьара ҟаиҵеит ауааԥсыра асабрадақәа ныҟәыргаларц, асоциалтә дистанциа иқәныҟәаларц.
Агәабзиарахьчараз адунеизегьтә еиҿкаара аҟны, иара убасгьы иазырыԥхьаӡоит агәабзиарахьчара аусхк аҟны ашәарҭадаратә система еиҳа инарҭбааны еиҿкаатәуп ҳәа, амедико-санитартә цхыраара асистема аԥаразоужьра иацҵатәуп ҳәа.
Адунеи аҿы COVID-19 рыхьхьеит 279 миллионҩык, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 5,3 миллионҩык.
Урыстәыла аколлективтә иммунитет 60% иҟоуп. Аԥсны алаҵа ҟарҵахьеит 14 нызқьҩык, ачымазара рыхьхьеит 37 нызқьҩык.
ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада ааԥхьара ҟаиҵеит COVID-19 ашьҭахьтәи апандемиа ҳазыхиазарц