Аҵарауаа акоронавирус ауаҩы ицәа иахьынӡалахо шьақәдыргылеит

© Sputnik / Максим Богодвид / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМеждународные учения мобильных лабораторий быстрого реагирования в Казани
Международные учения мобильных лабораторий быстрого реагирования в Казани - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.12.2021
Анапаҵаҩра
Аҭҵаарақәа иаадырԥшит SARS-CoV-2 шыҟоу ауаҩы ицәеижьхәҭақәа зегьы рҿы.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 27 - Sputnik. Авирус SARS-CoV-2 ауаҩы ицәеижь иарбанызаалак ахәҭаҿы иҟалар алшоит: агәы, ахшыбаҩ уҳәа рҟны бжьымз рҟынӡа иҟазаауеит. Абри шьақәнарӷәӷәоит ЕАА агәабзиарахьчараз Амилаҭтә институт аҭҵаарақәа. Урҭ COVID иахҟьаны зыԥсҭазаара иалҵыз 44-ҩык рцәеижь аҿырԥшы ҭырҵааит.
"РНК SARS-CoV-2 230 мшы рҟынӡа ауаҩы ицәеижь аҿы аҟазаара шалшоз шьақәҳаргылеит", - ҳәа аҳәоит аҭҵаара атекст, Research Square асаит аҿы икьыԥхьу.
Ачымазара ласны изхызгазгьы авирус аҽеимҽхакны иҟан.
Аха убри аан арԥҳақәа рнаҩс егьырҭ ацәеижьхәҭақәа рҿы рацәак ишәарҭам.
"Ҳаҭҵаарақәа рҿы иаабарҭоуп авирус ашьшьаашьшьыҳәа ацәа ишалҵуа", - ҳәа рҳәоит аҵарауаа.
Амаҵзура Блумберг адыррақәа рыла аҭҵаарақәа ихьыԥшым аҵарауаа ишьақәыдмырӷәӷәац.
Госпиталь COVID-19 в УКБ №2 Первого МГМУ им. И. М. Сеченова - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.12.2021
Урыстәыла иазгәарҭеит иалагаламкәа аҭыԥан ицәырҵыз акоронавирус омикрон-штамм
Ажәабжьқәа зегьы
0