ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада ааԥхьара ҟаиҵеит COVID-19 ашьҭахьтәи апандемиа ҳазыхиазарц

Акоронавирустә инфекциа COVID-19 2020 шықәса хәажәкырамзазы пандемиоуп ҳәа ирылаҳәан.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 27 – Sputnik. COVID-19 апандемиа ауаажәларра рзы иҵыхәтәантәихоит ҳәа узҳәом, уи иашьҭанеиуа аҽазыҟаҵара аҭахуп ҳәа иҳәеит ООН амаӡаныҟәгаҩ хада Антониу Гутерреш аепидемиаҿагыларатә Жәларбжьаратәи амш азгәаҭараан. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Аепидемиаҿагыларатә Жәларбжьаратәи амш шьаҭанаркит ЕАР Ассамблеиа хада 2020 шықәса абҵарамзазы.

"COVID-19 апандемиа ауаажәларра рзы иҵыхәтәантәихоит ҳәа узҳәом, уи иашьҭанеиуа аҽазыҟаҵара аҭахуп", - ҳәа иҩуеит Гутерреш Twitter аҿы.

Аепидемиаҿагыларатә Жәларбжьаратәи амша ҽны иара ааԥхьара ҟаиҵеит ари азҵаара азхьаԥшра ҟаҵалазарц, иахәҭаны иҟало аинвистициақәагьы азырхиалазарц.
Апандемиа– зымҽхакы ҭбаау епидемиоуп, иаҵанакыр алшоит тәылак аиԥш агәыларатәи атәылақәеи акантинентқәеи. Ауаа рацәа чмазаҩхоит, аамҭагьы акыр шықәсқәа аҵанакуеит. Еиҳа ауаа рацәа ықәызго апандемиақәа ахьыӡқәа рыҭан: "иустиниан имырза" (VI ашәышықәса, аимператор Иустиниан I иаамҭаз), XIV ашәышықәсазтәи амырза апандемиа – "аԥсреиқәаҵәа", аимҳәа апандемиа XX ашәышықәсазы – "испанка".
Акоронавирустә инфекциа COVID-19 2020 шықәса хәажәкырамзазы пандемиоуп ҳәа ирылаҳәан.
ААЕ: адунеи аҿы COVID-19 змоу рхыԥхьаӡара 3,3 миллион иахысит
Џьонс Хопкинс иуниверситет (ЕАА) адыррақәа рыла ԥхынҷкәын 26 2021 шықәсазтәи адыррақәа рыла адунеи аҿы 279 миллионҩык ачымазара рылсхьеит, 5,3 миллионҩык инареиҳаны рыԥсҭазаара иалҵхьеит.
Аҭагылазаашьа еиҳа иуадаҩуп ЕАА, Индиа, Бразилиа, Британиа ду, Урыстәыла.
Иахьазы адунеи аҿы 168 лаҵа аклиникатә ҭҵаара иахысуиет. ВОЗ ибзиоуп ҳәа зыхнаҳәааз алаҵақәа 24 аексперттә хәшьара иахысуеит. 2021 шықәса алагамҭазы ААЕ COVID-19 аҟынтә алаҵақәа жәба ашәҟәы иҭанагалахьеит.
Џьонс Хопкинс иуниверситет (ЕАА) адыррақәа рыла 8,9 миллиард лаҵа ҟаҵоуп.
Урыстәыла 2021 шықәса ԥхынҷкәын 24 азтәи адыррақәа рыла 77 миллионҩык алаҵа актәи аилазаара ҟарҵахьеит, зынӡа - 73 миллионҩык. Аколлективтә иммунитет - 60,4%.