Столтенберг иҳәеит Урыстәыла Ахеилак— НАТО аилатәара ажьырныҳәа 12 азы имҩаԥгазарц

Аҩада Атлантикатәи алианс Москва ианыруеит аиԥылара аиҿкаара азҵааразы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 27 – Sputnik. НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг Урыстәыла Ахеилак— НАТО аилатәара ажьырныҳәа 12 азы имҩаԥгазарц ажәалагала ҟаиҵеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг хантәаҩык иҳасаб ала Урыстәыла Ахеилак— НАТО аилатәара ажьырныҳәа 12 азы имҩаԥгазарц аӡбра идикылеит. Абри аганахь ала уажәы Москвеи ҳареи аимадара ҳабжьоуп", - ҳәа иҳәеит амаҵзура зацәажәоз.

Иара иазгәеитеит, НАТО ахықәкы "иарбан еиҿцәажәаразаалак аилибакаара шьаҭас иамазароуп, Урыстәыла ахымҩаԥгашьа НАТО агәҭынчымра шаанарԥшуа азгәанаҭалароуп ҳәа".
Урыстәыла ААР НАТО-и дареи реиԥылараан излацәажәараны иҟоу атема хадақәа рыӡбахә аҳәеит
Ԥхынҷкәын 17 рзы Москва иакьыԥхьит ЕАА дареи реиқәшаҳаҭреи НАТО атәылақәа-алахәылацәеи дареи реиқәшаҳаҭрақәеи рыпроектқәа, урҭ ирылоуп Европа ашәарҭадаразы еицырзеиԥшу ахәдықәҵарақәеи, дара-дара рҟынӡа инаӡар зылшо аракетақәа рмыргылареи, НАТО уаанӡатәи СССР атәылақәа рыбзоуралагьы убрахь иналаҵаны наҟ-наҟ аиҵыҵра мап ацәкреи рзы ақәҵарақәа. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Риабков РИА Новости ишазеиҭеиҳәахьаз ала, НАТО-и ЕАА-и ашәарҭадаразы Урыстәыла ирыднагало ахәдықәҵарақәа хырҩа рырымҭар, ҩаԥхьа аибарххарахь икылсыр шалшо.
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова ииасыз амчыбжь азы илҳәеит ашәарҭадара ахәдықәҵаразы Москва шазыхиоу НАТО ацәажәара.