Урыстәыла ААР НАТО-и дареи реиԥылараан излацәажәараны иҟоу атема хадақәа рыӡбахә аҳәеит

© Sputnik / Антон ДенисовЗдание Министерства иностранных дел РФ на Смоленской-Сенной площади в Москве.
Здание Министерства иностранных дел РФ на Смоленской-Сенной площади в Москве. - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.12.2021
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 — Sputnik. Аҩадаатлантикатәи алианс аиҵымҵреи Урыстәыла аҳәааҿы ашәарҭадара иаԥырхагоу арбџьармчқәа рцәырымҵреи - абарҭ азҵаара хадақәа ирылацәажәоит иаарласны имҩаԥысраны иҟоу Урыстәыла ЕАА-и НАТО-и иареи реиҿцәажәарақәа раан ҳәа адырра ҟалҵеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Третий Евразийский женский форум - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.12.2021
Захарова Евроеидгыла ацхыраара анаҭоит Украина амилитаризациа ҳәа лҳәеит
Абас ауп аҭак шыҟалҵаз мраҭашәаратәи тәылақәак арҭ атемақәа ирылацәажәараны иҟаӡам ҳәа ирҳәақәаз азы.
"Абри бзиаҵәҟьаны еилыркаароуп Урыстәыла апозициа зеиԥшроу макьана иззеилымкаац", — лҳәеит адипломат.
Ԥхынҷкәын 17 рзы Москва иакьыԥхьит ЕАА дареи реиқәшаҳаҭреи НАТО атәылақәа-алахәылацәеи дареи реиқәшаҳаҭрақәеи рыпроектқәа, урҭ ирылоуп Европа ашәарҭадаразы еицырзеиԥшу ахәдықәҵарақәеи, дара-дара рҟынӡа инаӡар зылшо аракетақәа рмыргылареи, НАТО уаанӡатәи СССР атәылақәа рыбзоуралагьы убрахь иналаҵаны наҟ-наҟ аиҵыҵра мап ацәкреи рзы ақәҵарақәа. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Риабков РИА Новости ишазеиҭеиҳәахьаз ала, НАТО-и ЕАА-и ашәарҭадаразы Урыстәыла ирыднагало ахәдықәҵарақәа хырҩа рырымҭар, ҩаԥхьа аибарххарахь икылсыр шалшо.
Абарҭқәа рзы аиҿцәажәарақәа раԥхьатәи рраундқәа мҩаԥысыр ҟалоит ажьырныҳәамзазы. Урыстәыла ахада Владимир Путин изныкымкәа иазгәеиҭахьан НАТО мрагыларахь аиҵыҵреи Украина ажәыларатә арбџьармчқәа рыргылареи - Москва азы ацәаҳәа ҟаԥшь акәхоит.
Президент РФ В. Путин провел совещание по подготовке к посланию президента РФ Федеральному собранию - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.06.2021
Путин "ицәаҳәа ҟаԥшь": аекспертцәа Урыстәыла ахада "украинатәи" иинтервиу иахцәажәоит
Ажәабжьқәа зегьы
0