Урыстәыла ицәырҵыр алшоит Booking.com аиԥш зеиԥшу

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 28 – Sputnik. Асасааирҭақәа заанаҵы рҿаҵареи рыԥшаареи жәларбжьаратәи рмаҵзура Booking.com урыстәылатәи еиԥшу аԥҵара алшоит, ҳәа иҳәеит РИА Новости аинтервиу азҭаз Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Чернышенко.
"Уажәы Урыстәыла атуристтә инфраструктура ҿыц аԥҵара ҳаҿуп. Шәкыла асасааирҭақәеи атуристтә комплексқәеи аԥҵахоит атәыла аҵакыра зегьы аҿы. Убри аан атәыла ахада иқәиргылаз амилаҭтә хықәкқәа иреиуоуп - ацифратә трансформациа. Аҩнуҵҟатәи атуризм рҿиалатәуп, ахатәы цифратә маҵзурақәа аԥҵалатәуп асасдкылара аиндустриаҿы. Уи иалнаршоит аԥсшьара арманшәалареиԥш уи азыҟаҵара апроцесс армариарагьы. Booking.com еиԥшу аԥҵара алшара амоуп", – иҳәеит Чернышенко.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ иҳәеит ауааԥсыра рзы ари асистема шыманшәалоу.
Аԥсны
Атуреилахәыра адиректор Аԥсны аӡынтә ԥсшьара аӡәырҩы ишырҭаху атәы еиҭеиҳәеит
"Асистемаҿы еизгоуп хыԥхьаӡара рацәала асасааирҭақәеи аотельқәеи, рыхәқәеи рҭагылазаашьалеи уҳәа зеиҿырԥшра алшо. Ари зегьы аилкаара ауеит арежим онлаин ала. Аҿаҵаҩы ииҭаху арыцхә, зеиԥш иҭаху ауада уҳәа заанаҵы рдырра, рҿаҵара аамҭеи аԥареи рыхьчоит", - ҳәа иҳәеит иара.