Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Атуреилахәыра адиректор Аԥсны аӡынтә ԥсшьара аӡәырҩы ишырҭаху атәы еиҭеиҳәеит

© Sputnik / Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗима в Абхазии
Зима в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.12.2021
Анапаҵаҩра
2021 шықәсатәи асезон Аԥсны аҭааразы ирекордтәын. Миллионки бжаки рҟынӡа аҭааҩцәа ыҟан.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 28 - Sputnik. Ашықәс ҿыц азы Аԥсны аҭаара атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит амилаҭтә туристтә еилахәыра "Турист" адиректор Руслан Кокосқьыр.
"Аныҳәамшқәа раан ауаа рацәа ҳарзыԥшуп, амшқәагьы ссирхоит ажьырныҳәа алагамҭаз", - ҳәа иҳәеит иара.
Кокосқьыр иазгәеиҭеит Шәача зыԥсы зшьо мышкы ҳәа Аԥсны иаҭаауа рацәахоит ҳәа ишгәыӷуа. Заанаҵтәи аҭыԥ ҿаҵарақәа ракәзар ҵыԥх аасҭа еиҳахоит ҳәа иҳәеит иара.
Новогоднее настроение в г. Сухум - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.12.2021
АТОР: Аԥсны ашықәс ҿыц азы аԥсшьара зҭаху ҩынтәны еиҳахеит
Иара убасгьы иҳәеит, атрансфер азы уадаҩра шыҟамло, атуристцәа зҭаауа аҭыԥқәа рахь амҩақәа шаарту. Риҵатәи амҩа атехника ҷыдала идрыцқьоит.
Уи адагьы Кокосқьыр иҳәеит алашараз аилахәыра гәаҟра шамам, уи азы атуристцәа ишахәҭоу аиԥш ирыдыркылап ҳәа игәы ишаанаго.
Бжьаратәла аныҳәаз атурқәа ԥшьымш инаркны бжьымш рҟынӡа ҿарҵоит. Аԥснытәи атурқәа рыхәԥсақәа 25 - 35 нызқь итәоит ҩыџьа ԥшьымштәи рыԥсшьаразы. Турқәак иазыԥхьагәарҭоит анхара, хынтәтәи акрыфарачара, атрансфер, аныҳәатә банкет.
Ажәабжьқәа зегьы
0