Аԥсны

Аԥсны ҩымш рыла акоронавирус злаз ԥшьҩык апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит

COVID-19 азы атестқәа арҭеит 640-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 140-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 27– Sputnik. Иҳаҩсыз ҩымш рыла акоронавирус зцәа иалаз ԥшьҩык апациентцәа ԥсит Гәдоуҭатәи ахәтәырҭаҿы.
Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб адыррақәа рыла, Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит 49 шықәсеи, 55 шықәсеи, 82 шықәсеи зхыҵуаз хҩык ахацәа, иара убас 78 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 79-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 27-ҩык, ибжьаратәуп - 52-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 39-ҩык, урҭ рахьтә 16-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 19-ҩык, урҭ рахьтә фҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 12-ҩык, урҭ рахьтә ҩыџьа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы 18-ҩык ачымазцәа шьҭоуп.
Аԥсны аепидемиа ҵысижьҭеи аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 37 596 - ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 30 067 -ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 555-ҩык.