Аԥсны

Ельвира Ҭодуаԥҳа ЦСКА аҳәса ркомандаҿ иреиӷьу ахәмарыҩ ҳәа далкаауп

Ельвира Ҭодуаԥҳа – урыстәылатәи ашьапылампыласыҩ, ЦСКА аҳәса рыклуби Урыстәыла еизгоу акомандеи рымбахьчаҩ.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 28 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥснытәи аспортсменка Ельвира Ҭодуаԥҳа ЦСКА акомандаҿ иреиӷьу ахәмарыҩ ҳәа далкаауп ахәаԥшыҩцәа ргәаанаграла.
Ельвира Ҭодуаԥҳа – урыстәылатәи ашьапылампыласыҩ, ЦСКА аҳәса рыклуб амбахьчаҩ, акапитан. 32 процент абжьы лоуны аԥыжәара лгеит. Аҩбатәи аҭыԥ нылкылеит Невена Дамианович, ахԥатәи - Иулиа Миасникова.
Арадио Sputnik аинтервиу аҭо Ҭодуаԥҳа лара лзы зыбжьы азҭаз зегьы ҭабуп ҳәа ралҳәеит.
Ельвира Ҭодуаԥҳа ЦСКА далахәны Урыстәыла дачемпионхеит
Аспортсменка еиҭалҳәеит ашықәс аԥкрақәа иҟазгьы ирыхьмырԥшыкәа лара лзы алҵшәа бзиақәа шаанашьҭыз: еизгоу акоманда аилазаара дшазыхынҳәыз, уи далахәны Европа ачемпионат аҿы дшықәгылаз, абжьыҭараҿы аиааира шылгаз.
Лара лажәақәа рыла, 2022 шықәсазы хықәкы хадас илымоуп Европа ачемпионат афинал алахәхара.
Ельвира Ҭодуаԥҳа Аԥсны диит. Апрофессионалтә кариера далагеит аклуб "Дон-Текс" аҿы, ақалақь Шахты. Урыстәыла амилаҭтә команда далахәны 2003 шықәсазы Китаитәи акоманда дацхәмаруан.
Иара убасгьы, лара дрылахәын акомандақәа "Кубаночка", ЦСК ВВС, "Россиянка", "Рязань-ВДВ", "СКА".