Ельвира Ҭодуаԥҳа ЦСКА далахәны Урыстәыла дачемпионхеит

© Sputnik / Сергей Пивоваров / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЕльвира Ҭодуаԥҳа
Ельвира Ҭодуаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи ашьапылампыласыҩ Ельвира Ҭодуаԥҳа ԥшьынтәуп ашьапылампыл азы Урыстәыла дачемпионхоижьҭеи.

АҞӘА, жьҭаара 23 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ашьапылампылтә клуб ЦСКА амбахьчаҩ Ельвира Ҭодуаԥҳа лкоманда далахәны Урыстәыла дачемпионхеит.

Ачемпионат 18 тур рыла ишьақәгылан. ЦСКА 50 очко аиуит, аҩбатәи аҭыԥ аҿы игылоуп Локомотив.

"Иарбанзаалак аиааира ахатә цәаныррақәа амоуп. Уи еснагь агәалаҟазаара бзиа, агәышьҭыхра ацуп", - лҳәоит Ельвира Ҭодуаԥҳа.

ЦСКА аҿы ахацәа рыхәмарра лаби лашьеи дрыдтәаланы данахәаԥшуаз аҳәса ршьапылампыл ҟаландаз ҳәа дхәыцуан. Аамҭақәак рышьҭахь лгәаҳәара наӡеит. 2016 шықәса рзы иаԥҵахеит ЦСКА аҳәса ркоманда, лара Ельвира Ҭодуаԥҳа лакәзаргьы, дымбахьчаҩхеит. Уаанӡа лара акоманда "Россиянка" ахьӡала дықәгылон.

Ачемпионат 18-тәи атур аҿы ЦСКА ижевсктәи "Торпедо" иаиааит, заанаҵгьы ахьтәы медал анашьахеит.

Ельвира Ҭодуаԥҳа – аклуб ЦСКА амбахьчаҩ, Урыстәыла жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟаза, Европа амбахьчаҩцәа иреиӷьқәоу дрылаԥхьаӡоуп.

2003 шықәса раахыс Урыстәыла еизгоу акоманда далахәылоуп. 2004, 2005, 2007, 2008 шықәсқәа рзы Урыстәыла иреиӷьу амбахьчаҩ ҳәа далкаауп.

2010, 2012, 2016 шықәсқәа рзы акоманда "Россиянка" далахәны Урыстәыла дачемпионхеит, 2009, 2013 шықәсқәа рзы Урыстәыла "араӡны" чемпион, 2003 шықәса рзы Урыстәыла ачемпионат аҿы ахԥатәи аҭыԥ аанылкылеит, 2009, 2010, 2017 шықәсқәа рзы Урыстәыла ахраҿа ланашьахеит акоманда далахәны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0