Аԥсны

Аҟәатәи афымцаҳақәа русбарҭа аиҳабы ааԥхьара ҟаиҵеит ауаа алашара иеиҷаҳаларц

Ԥхынҷкәын 21 аахыс Урыстәылантәи Аԥсныҟа афымцалашара аарышьҭлоит 2022 шықәса хәажәкыра 31 рҟынӡа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 - Sputnik. Аҟәатәи афымцатә ҳақәа русбарҭа аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵоит афымцалашара иеиҷаҳаларц аныҳәа ауха лашарада иаанымхарц азы. Абри атәы иҳәеит Аԥсуа телехәаԥшра аинтервиу аҭо.
"Аиԥҟьарақәа рацәоуп, амцакрақәа ыҟоуп, алашара арцәарақәа рацәоуп ацәаҳәақәа аидара иахьаҵоу азы. Ацәаҳәақәа ирықәу аидара урҭ рыԥхасҭахьы икылнагоит. Ауаа ааԥсеит, ҳаргьы ҳааԥсеит. Ауаа рыҩнқәа рҿы амаининг-аппаратқәа гылоуп, урҭ зегьы ааидкыланы ирымоу амчхара даара ирацәоуп", - ҳәа иҳәоит Џьынџьал.
Аҟәатәи афымцатә ҳақәа русбарҭа аиҳабы амаинингқәа змоу рахь аҳәара ҟаҵеит ашықәс ҿыц аламҭалаз иаҿырхырц азы.
"Абарҭ ауаа срыҳәоит. Ламыск рымазар, аныҳәа аламҭалаз аппаратқәа аҿырхырц, ауаа аныҳәа аԥылараз алшара рырҭарц. Шәгәы иаанамган, исырџьаџьоит ҳәа. Иҟоу аҭагылазаашьоуп сызлацәажәо. Иҟоу зегьы сҳәарц сҭахым, аха ҳаилырымкаар, ауаа лашарада иаанхоит", - ҳәа иҳәеит Џьынџьал.
Аԥсны
Аԥсны аамҭа-аамҭала афымца арцәара аамҭеихшара аԥыхуп
Иара иҳәеит аенергетикцәа ирылшо ала аус шыруа.
"Астанциа маҷқәа раионк ахьынтә даҽакахьы ианаҿаҳкуа ыҟоуп. Иахьазы алашара ахаҭабзиара ҳалацәажәаӡом. Аҟазаара мацароуп зыӡбахә сымоу. Акапиталтә ремонт зызуу, амыруга ҿыцқәа ахьықәгылоу астанциа маҷқәа иахьа ибылуеит. Мышкы аҩнуҵҟа ҩынтә, хынтә амцакра ҟалоит", - ҳәа иҳәеит иара.
Ԥхынҷкәын 21 раахыс Урыстәылантәи Аԥсныҟа афымцалашара аарышьҭлоит 2022 шықәса хәажәкыра 31 рҟынӡа.