Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны аамҭа-аамҭала афымца арцәара аамҭеихшара аԥыхуп

© Sputnik / Томас Тхайцук ЛЭП
ЛЭП - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.12.2021
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын 21 асааҭ 00:00 рынахыс Урыстәылантәи Аԥсныҟа афымцалашара аҩбатәи аетап ала аашьҭра иалагеит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 21- Sputnik. Аԥсны аамҭа-аамҭала афымца арцәара аамҭеихшара аԥыхуп, ақәыӷәӷәара ахьыҟоу ацәаҳәақәа рыда, аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".

"Иазгәаҭоуп, Урыстәылантәи Аԥсныҟа афымцалашара аашьҭхоит хәажәкыра 31 2022 шықәсанӡа. Уи иалнаршоит афымца арцәара аамҭеихшара аԥыхра.

"Амшынеиқәафымцамч" аҟны иазгәарҭеит, афымцацәаҳәақәа "Шьешьелеҭ-1", "Шьешьелеҭ-2" афымца роуеит ЕгрыГЕС-и ГЕС-1-и аҟынтәи.
Электрическая подстанция Витаминкомбинат в Краснодарском крае - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.12.2021
Аԥсны
Урыстәылантәи Аԥсныҟа афымцалашара аарышьҭуа иалагеит
Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара рыдҵала, афымцеихшарҭа "Аҟәа-2" аҟны атрансформатор ҿыц ақәыргылара иаҿуп, уи иалнаршоит Аҳабла ҿыц, Ачадара, Алашарбага рраионқәа рабонентцәа афымца еиԥҟьарада рыҭара.
Аԥсны уаанӡагьы алашара иаҳәахьан. Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы атарифқәа рҽырыԥсахуан 2,70 - 3,60 мааҭ киловатт-сааҭк азы. 2020 шықәсазы Аԥсны иаиуит 69,4 млн. кВт.с. 162 миллион мааҭ ауал ареспублика Аинвестпрограммаҟынтә ашәара агәҭакуп.
2020 шықәса абҵармзазы Аԥсны ахада Урыстәылатәи Афедерациа ахь аҳәара ҟаиҵеит ЕгрыГЕС аҿы аремонттә усурақәа рымҩаԥысраан Аԥсныҟа афымцалашара аарышьҭразы. 2020 шықәса ԥхынҷкәын инаркны 2021 шықәса лаҵарамзанӡа Аԥсны ахы ианархәеит миллиард кВт.с. алашараиура ахәԥса Аԥсны иадыԥхьаӡалам ҳәа лҳәеит уаанӡа аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.
Ажәабжьқәа зегьы
0