Аԥсны

Тҟәарчалтәи араионтә хәшәтәырҭа аадыртит

Тҟәарчал араионтә хәшәтәырҭа хада аргылара иалагеит 2017 шықәсазы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 – Sputnik. Тҟәарчалтәи араионтә хәшәтәырҭа аадыртит ԥхынҷкәын 29 рзы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аекономика аминистрра Facebook аҿы адаҟьа.
Тҟәарчал араионтә хәшәтәырҭа хада аргылара иалагеит 2017 шықәсазы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аԥсны
Бжьаниа Тҟәарчал араионтә хәшәтәырҭа ахыбра ҿыц гәеиҭеит
2017 шықәсазы излагаз аусурақәа 2019 шықәса абҵарамзазы ихыркәшазар акәын.
Аминистрра апресс-маҵзура адыррақәа рыла, аргылара аамҭа анаскьагара рыхҟьеит афинансқәа рыҟамзаареи асеиԥш иҟоу ахыбра иазыԥҵәоу аԥҟарақәа апроект иахьарбамыз рзи.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган лусура даналагоз, иазгәалҭеит 30% иҟаҵатәны иҟоу аусурақәа аԥаразоужьра рымам ҳәа.
"Агәаҭарақәа раан иаарԥшын хыԥхьаӡара рацәала аилагарақәа", - аҳәоит Аекономика аминистрра адырраҭара.
Аргыларақәа мҩаԥысуанаҵы арахь изныкымкәа иааихьан Урыстәыла аекономҿиара аминистрра ахаҭарнакцәа.
Урыстәылеи Аԥсни ргәабзиарахьчаратә министррақәа Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭа иалацәажәеит
Ахәшәтәырҭа аартра ацеремониа иалахәын аԥыза-министр Александр Анқәаб, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба, Тҟәарчал араион ахада Исидор Дочиа.