АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 - Sputnik. Урыстәыла ажәалагала ҟанаҵеит жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа интернетла рыбжьаҵаразы ҳәа иҳәеит РИА Новости аинтервиу азҭаз Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Олег Сыромолотов.
"Аинтернет аҭышәныртәалара апроблематика акәзар, Урыстәыла аинтернеттә ҳақәа рнапхгара аинтернационалра иадгылоит, абри апроцесс аҿы аҳәынҭқаррақәа зегьы еиҟаразароуп ҳәа иаԥхьаӡоит, жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа интернетла рыбжьаҵаразы иҷыдоу аиқәшаҳаҭра ахәҭаны иашьоит", - иҳәоит Сыромолотов.
Убри аан иара иазгәеиҭеит уи хра шаиуа аҳәынҭқаррақәа зегьы абри аҩыза иақәшаҳаҭхар.
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Олег Сыромолотов иажәақәа рыла, абри аҩыза аҭагылазаашьа иалацәажәоит афымцеимадара Жәларбжьаратәи аидгыла аҳәаақәа ирҭагӡаны. Урыстәыла Аидгыла ауснагӡатәқәа зегьы активла ахы аланархәуеит.