АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 – Sputnik. Урыстәыла ишьақәнарӷәӷәеит Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Таџьикистан, Ермантәыла, Киргизиа, Ҟазахсҭан рахь 2022 шықәсазы инарышьҭуа баџьда абылтәы ахышәаҵышәа. Абри азы аматериалқәа кьыԥхьуп аминистрра асаит аҿы.
Адокумент инақәыршәаны 2022 шықәсазы Аԥсныҟа иаашьҭхоит:
Амашьыназ абылтәы 95 – 46 000 тонна;
Амашьыназ абылтәы 95 иацны, аха 98 еиҵамкәа – 13 000 тонна;
Адизельтә былтәы – 20 000 тонна;
Анефҭтә битум – 7 000 тонна.
Аахыҵ Уаԥстәылаҟа инашьҭхоит 8 000 тонна абылтәы 95; 1,1 нызқь тонна адизельтә былтәы; 2,7 нызқь тонна анефҭтә битум.
Цәыббрамзазы Аԥсни Урыстәылеи аԥкаанҵа рнапы аҵарҩит баџьда Аԥсныҟа иаарышьҭуа анефҭаалыҵқәа рхышәаҵышәа ацҵара.