Аԥсны

Анқәаб: ахада иалеигалаз аԥкрақәа амч шрымац ирымоуп

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Акоронавирустә инфекциа аԥырҟәҟәара инадҳәаланы атәыла ахада аԥкрақәа рзы иусдҵа амчра шамац иҟоуп ҳәа иҳәеит аԥыза-министр Александр Анқәаб Акоординациатә штаб аилатәараҿы.
Убри аан иара иазгәеиҭеит, аҭагылазаашьа иалнаршар иааиуа ашықәс азы акультура аусхк аҟны аԥкрақәа аԥыххоит ҳәа.
Анқәаб дақәгәыӷуеит арҭ аԥсшьарамшқәа рзы ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҿы ачымазара аганахь ала ааҭагылазаашьа аҽеиҭанакып ҳәа.
Аԥсны
Аԥсны 15 нызқьҩык рҟынӡа COVID-19 аҟынтә алаҵа ҟарҵахьеит