Аԥсны

Аԥсны 15 нызқьҩык рҟынӡа COVID-19 аҟынтә алаҵа ҟарҵахьеит

Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус аҟынтә рыхьчараз Акоординациатә штаб аилатәара мҩаԥысит ԥхынҷкәын 30 рзы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны иахьазы иааидкыланы 15 133-ҩык алаҵа ҟарҵахьеит, абри атәы иҳәеит Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус аҟынтә рыхьчараз Акоординациатә штаб аилатәараан.
Аԥсны
Аԥсны ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа рзы алаҵаҟаҵаратә ҭыԥқәа раамҭеихшара еилкаахеит
Быҭәба иҳәеит жәанызқьҩык рҟынӡа ахатә кабинетқәа рыманы QR-кодқәа рхы иадырхәар рылшоит ҳәа.
Аепидемиатә ҭагылазаашьа агәҭынчымра шаҵац иаанхоит иҳәеит аминистр. Иара иажәақәа рыла, аҵыхәтәантәи аамҭазы аҿкчымазара маҷк ихҽит. Аԥсны мрагыларатәи ахәҭа аҟны аҭагылазаашьа макьаназы иуадаҩуп иҳәеит аминистр.
Иара иазгәеиҭеит, амедусзуҩцәа рыҽшазыҟарҵо ачымазцәа рхыԥхьаӡара аизҳара.
Быҭәба иҳәеит амедусҳәарҭақәа иааиуа аныҳәамшқәа ишырзыҟаҵоу, Гәдоуҭатәи аковид-госпиталь аҿы иаҭаххар аҟәшацҵа аадыртыр шауа.
Аԥсны аепидемиа ҵысижьҭеи аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 37 784 - ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 30 168 - ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 557-ҩык.
Аԥсны
Алаҵа "Спутник Лайт" даҽа партиак Аԥсныҟа иааргеит