Аԥсны

Аԥсны афинансқәа рминистр COVID-19 иақәхарџьу далацәажәеит

Ԥхынҷкәын 29 рзы иҟоу адыррақәа рыла Аԥсны аепидемиа ҵысижьҭеи аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 37 784 - ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 30 168 - ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 557-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ииасыз ашықәс хәажәкырамза аахыс 776 миллион мааҭ акоронавирустә инфекциа иақәхарџьуп, абри атәы иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба Акоординациатә штаб аилатәараҿы.
Аԥсны
Бжьаниа апандемиа иалагазар акоронавирус иақәырӡу аԥара атәы иҳәеит
Аныхрақәа рыхәҭаҷ аҿы актәи аҭыԥ ннакылоит ахәшәқәа раахәареи COVID-19 зыхьуа ачымазцәа рзы аҵәыҵәри аахәареи.
Иара иҳәеит амедусзуҩцәа, акоронавирус змоу ачымазцәа аус рыдызуыло рзы ашәарақәа шымҩаԥысуа.
Ашәарақәа ҟаҵоуп абҵарамзазы, уажәы ԥхынҷкәынмзазы ашәарақәа мҩаԥгахоит.
Агәабзиарахьчара аусхк аҟны акоронавирус иадҳәаламкәа 2021 шықәсазы 80 миллион мааҭ ныхуп ахәшәтәырҭатә усҳәарҭақәа рзы ҳәа иҳәеит Делба.