Аԥсны

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра ПЦР-тестқәа 2021 шықәсазы 47 миллион мааҭ рыхә аанахәеит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҿкчымазараз ПЦР-ҭҵаарақәа рымҩаԥгараз 47,7 миллион мааҭ рыхә атестқәа аахәан, иҳәеит Агәабзиарахьчара аминистрра хәшәлеи амедицинатә хархәагала аиқәыршәареи рыҟәша аиҳабы Ахра Аџьба Акоординациатә штаб аилатәараҿы.

"Хымчыбжь раԥхьа ареспубликатә асанитар-епедимиологиатә маҵзура иаҭан 36 нызқь ҭҵаареи амедицинатә хархәагеи алабораториатә диагностика амҩаԥгаразы", - иҳәеит иара.

Ари аҟара атест ажьырныҳәеи жәабрани амзақәа ирызхоит ҳәа иҳәеит Аџьба.
2021 шықәсазы абиопрепаратқәа ирықәхарџьын 54,5 миллион мааҭ: "Артлегиа" 919 ҭоԥ - 44 миллион мааҭ, "Актемра" 117 ҭоԥ - 7,6 миллион мааҭ. Ахра Аџьба иҳәеит "Артлегиа" ареспубликахь аагара ишазыԥшу.
"Сынтәа акоронавирустә инфекциа аԥырҟәҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны агоспитальқәа 238 миллион мааҭ рзынашьҭын, Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭа - 122 миллион мааҭ, Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәшәтәырҭа - 50 миллион мааҭ, Гагратәи ахәшәтәырҭа - 25 миллион мааҭ, Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭа - 5,3 миллион мааҭ, Очамчыратәи ахәшәтәырҭа – 14,8 миллион мааҭ, Урыстәылатәи амобилтә госпиталь– 19 миллион мааҭ", - иҳәеит иара.
Аԥсны
Бжьаниа апандемиа иалагазар акоронавирус иақәырӡу аԥара атәы иҳәеит
COVID-19 анаҩсгьы аусбарҭа ацхыраара ҟанаҵоит Аиҳабыра ишьақәдырӷәӷәо ахықәкытә программақәа рзы.
"Ареспубликатә хәшәтәырҭа иазоужьын 75 миллион мааҭ, иазгәасҭарц сҭахуп арҭ аԥарақәа рҟынтәи 38 миллион мааҭ агемодиализ иахҭынҵоуп", - ҳәа иҳәеит Аџьба.
COVID-19 азы абиологиатә материалқәа ирзоужьын 7,5 миллион мааҭ. Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа - 3,6 миллион мааҭ, аԥсихиатриатә хәышәтәырҭа – 7,5 миллион мааҭ, аимҳәаҿагыларатә диспансер – 11 миллион мааҭ. Гагратәи ареабилитациатә центр иазоужьуп 10 миллион мааҭ.
Аԥсны
Урыстәыла Аԥсны ацхыраара анаҭоит COVID-19 зыдбалоу ачымазцәа хәшәла реиқәыршәаразы