Аԥсны

Риҵатәи апарки Афон ҿыцтәи аҳаԥи Тҟәарчал араион 10-10 миллион мааҭ арҭеит

Тҟәарчал араион ахадараҿ имҩаԥысит Риҵатәи апарки Афон ҿыцтәи аҳаԥи рхаҭарнакцәа рԥылара.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 - Sputnik. Риҵатәи апарки Афон ҿыцтәи аҳаԥи Тҟәарчал араион 10-10 миллион мааҭ арҭеит, ҳәа аанацҳауеит "Аԥнсыпресс" амаҵзура.
Ԥхынҷкәын 29 азы Тҟәарчал араион ахадараҿ имҩаԥысит араион ахада Исидор Дочиеи аԥыза-министр Александр Анқәаби, аекономика аминистр Кристина Озгани, Риҵатәи апарки Афон ҿыцтәи аҳаԥи рхаҭарнакцәеи реиԥылара.
Аԥсны
Афинансқәа рминистрра 2021 шықәсатәи аихшьаалақәа ҟанаҵеит
Уаанӡа Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи иԥылараан Афон Ҿыц ахада Ҭемыр Оҭырбеи иҳәеит ашықәс аҩнуҵҟа аҳаԥы ишаҭааз 427 нызқьҩык, ишаланагалаз 213 млн. мааҭ.
Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы Рицатәи апарк адиректор Адамыр Багаҭелиа иҳәеит ареликттә парк ашықәс аҩнуҵҟа ишаланагалаз 249 миллион 798 нызқьмааҭ.