Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Афинансқәа рминистрра 2021 шықәсатәи аихшьаалақәа ҟанаҵеит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУничтожение старых банкнот в Банке России
Уничтожение старых банкнот в Банке России - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.12.2021
Анапаҵаҩра
Афинансқәа рминистр Владимир Делба Sputnik акорреспондент данлыҿцәажәоз иҳәеит 2021 шықәса абиуџьет анагӡашьа заанаҵы ишеихшьаалоу.
Изеиԥшроузеи Аԥсны ахыркәшаратә финанстә рбагақәа, абиуџьет аизырҳара алзыршаз, иҟаҵатәны иҟоу Sputnik аматериал аҿы.
Сариа Кәарацхьиаԥҳа, Sputnik
2021 шықәса ажьырныҳәамза инаркны абҵарамзанӡа Аԥсны абиуџьет 101,8 % рыла инагӡоуп. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба иажәақәа рыла атәыла ахатәы хашәала иацлеит. Ашықәс иалагазар атәыла абиуџьет иҭалеит 5 миллиардки 687 миллион мааҭ. 2020 шықәса иаҿурԥшуазар миллиардки 660 миллион мааҭ рыла еиҳаны иаланагалеит, 2019 шықәса иаҿуырԥшуазар - миллиардки 183 миллион мааҭ.

"Ара акраҵанакуеит аҳәынҭбиуџьет ахашәалақәа русбарҭақәа. Раԥхьа игылоуп ашәахтә лагалақәа, ахашәалазы ашәахтә хашәалахәы (НДС) абрахь иналаҵаны. Уи адагьы ирызҳаит ахашәалазы ашәахтә ахашәалахәы. Ари иаанарԥшуеит ашәахтәшәаҩцәа рҭакԥхықәра ишацлаз. Абарҭ зегь рылшарала аҭагылазаашьа аҽеиҭанакит", - иҳәеит Делба.

Иара иажәақәа рыла, иубартә иазҳаит ашәахтәшәаҩцәа, ашәахтәи аҳазалхратәи маҵзурақәа русзуҩцәа рҭакԥхықәра, ламысцқьала рхыдҵақәа рынагӡара. Ашәахтәқәеи егьырҭ ашәарақәеи рзы ауалқәа еиҳа иеиҵахо иалагеит. Ус шакәугьы Делба иазгәеиҭеит макьаназы аус зыдулатәу шмаҷым анапхгара еиҳа хра аманы иҟаларц.
Денежные купюры и монеты. - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.12.2021
Аԥсны
Аԥсны абиуџьет иаланагалеит х-миллиард мааҭ инеиҳаны ашәахтә шәарақәа

Араионқәа еиҵахом

Делба ишазгәеиҭаз ала, Очамчыра араион ада ареспублика араионқәа 2021 шықәсазы рбиуџьетқәа аԥара цәгьамкәа ирҭалеит. Очамчыра еиҵахеит ихьшәаны аԥсыӡкраамҭа ахьхацыркыз азы. Ус шакәызгьы иазымхаз алагалақәа харҭәаахеит ареспубликатә биуџьет аҟынтәи, араион аҿы ирыдкылаз афинанстә хыдҵақәа зегьы нагӡоуп.
Беслан Бигвава - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.11.2021
Аԥсны
Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа иусураз аҳасабырба ҟаиҵеит
"Алагалақәа иҟоу иаадырԥшуеит 2021 шықәсазтәи абиуџьеттә хыдҵақәа шынагӡахо. Иахьазы дара рыҩаӡара 98% иҟоуп. Ари рбага шьахәуп. Ҳәарада аԥыжәара аҭоуп асоциалтә ҟазшьа змоу аныхрақәа. Агәабзиарахьчара асистематә программақәа рзы 99% аԥаразоужьра ҟаҵоуп. Иара убас, аҭагылазаашьа ыҟоуп ақыҭанхамҩатә системаҿгьы. 50% аԥаразоужьра мҩаԥгоуп ааигәа ҳтәылауаа нхарҭаҭыԥла реиқәыршәараз ихацыркыз апрограмма. Аулафахәы акәзар 98% рыла ихҩоуп. Ҳгәыӷуеит зегьы ианаамҭоу рулафахәы ашәара алыршахап ҳәа", - иҳәеит иара.
Владимир Делба иазгәеиҭеит 2021 шықәсазы абиуџьеттә закәанԥҵара аиҭакрақәа инарыдҳәаланы ишырӷәӷәаз афинанстәии ахылаԥшратәии леишәа, абиуџьет ԥарақәа хықәкыла рхархәара аус аҟны.
"Абиуџьетнҭыҵтә фондқәа рахь аԥарашәараҿы ауал ыҟам уҳәар ауеит. 90% рыла акоммуналтә шәарақәа мҩаԥгоуп. Иара убасгьы иаԥыхуп уаанӡатәи ауалқәа агәабзиарахьчара асистемаҿы. Ари зегьы заанаҵтәи еихшьаалақәоуп. Сгәы иаанагоит афинанстә шықәс анҵәамҭазы азеиԥш еихшьаалақәа нҭкааны иазҳархиоит ҳәа", - иҳәеит афинансқәа рминистр.
Заседание  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.12.2021
Аԥсны
Аԥсны анхарҭатә программала атәылауаа рырзаҳалқәа 50 иақәшаҳаҭхеит
Ажәабжьқәа зегьы
0