Урыстәылеи Америкеи рыбжьара ашәарҭадараз аиҿцәажәарақәа мҩаԥгахоит ажьырныҳәа 10 рзы

Ажьырныҳәа 12 рзы иазыԥхьагәаҭоуп аурысқәеи НАТО ахаҭарнакцәеи реилацәажәарақәа, адырҩаҽны Москвеи ОБСЕи рхаҭарнакцәа реиԥылара.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 – Sputnik. Урыстәылеи Америкеи рыбжьара ашәарҭадараз ахәдықәҵарақәа рганахь ала аиҿцәажәарақәа мҩаԥгахоит ажьырныҳәа 10 рзы Женева, ҳәа аҩуеит РИА Новости Урыстәыла ААР адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
"Урыстәылатәи аделегациа напхгара аиҭоит Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Риабков, америкатәи — аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ актәи ихаҭыԥуаҩ Уенди Шерман", — ҳәа азгәалҭеит Урыстәыла ААР аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова.
Ажьырныҳәа 12 азы иазԥхьагәаҭоуп аурысқәеи НАТО ахаҭарнакцәеи реилацәажәарақәа, адырҩаҽны Москвеи ОБСЕи рхаҭарнакцәа реиԥылара.
Ԥхынҷкәын 17 рзы Москва иакьыԥхьит ЕАА дареи реиқәшаҳаҭреи НАТО атәылақәа-алахәылацәеи дареи реиқәшаҳаҭрақәеи рыпроектқәа, урҭ ирылоуп Европа ашәарҭадаразы еицырзеиԥшу ахәдықәҵарақәеи, дара-дара рҟынӡа инаӡар зылшо аракетақәа рықәмыргылареи, НАТО уаанӡатәи СССР атәылақәа рыбзоуралагьы убрахь иналаҵаны наҟ-наҟ аиҵыҵра мап ацәкреи рзы ақәҵарақәа. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Риабков РИА Новости ишазеиҭеиҳәахьаз ала, НАТО-и ЕАА-и ашәарҭадаразы Урыстәыла ирыднагало ахәдықәҵарақәа хырҩа рырымҭар, ҩаԥхьа аибарххарахь икылсыр шалшо.
Урыстәыла ААР НАТО-и дареи реиԥылараан излацәажәараны иҟоу атема хадақәа рыӡбахә аҳәеит