АҞӘА, ԥхынҷкәын 31 - Sputnik. Аҟәа ахада Беслан Ешба аҳҭнықалақь иқәынхо ауааԥсыра рыдиныҳәалеит ҳазҭало Ашықәс ҿыц рыдиныҳәалеит.
"Акыр иаԥсоу аҳҭнықалақь ауааԥсыра! Ишәыдысныҳәалоит иааиуа Ашықәс ҿыц! Ҳара инаскьаагоит имариамыз ашықәс. Уи иалагӡаны иҟаз ауадаҩрақәа маҷым. Акоронавирус чымазара иадҳәалоу апроблемақәа рнаҩсгьы, аԥхын ақалақь акыр аԥхасҭа арҭеит аԥшасрақәеи аӡхыҵрақәеи", - ҳәа ануп аҳҭнықалақь ахадара асаит аҿы иркьыԥхьыз адныҳәалараҿы.
Ешба иазгәеиҭеит урҭ ахҟьаԥҟьақәа иаарласны раԥыхразы ирылшоз шыҟарҵаз, иҭабуп ҳәагьы реиҳәеит уи аус аҿы ирыдгылаз ақалақь ауааԥсыра.
"Ус ишыҟазгьы, имҩаԥаагеит Аҟәа 2505 шықәса ахыҵра иазкыз аусмҩаԥгатәқәа. Ҳгәырӷьара ҳацеиҩыршарц Аҟәаҟа иааит аиҩызара ахьҳабжьоу ақалақьқәа рҟынтәи. Аныҳәа шәара шәгәы иахәеит ҳәа ҳгәыӷуеит", - иҳәеит Ешба.
Иара убасгьы Аҟәа ахада иазгәеиҭеит ақалақь аҿы фымцалеи ӡылеи ауааԥсыра реиқәыршәара проблеманы ишаанхо. Урҭ рыӡбаразы ирылшо зегьы шыҟарҵо атәы азгәеиҭеит.
Ешба иҟаиҵаз адныҳәалараҿы уи адагьы иазгәеиҭеит Аинвестпрограмма инақәыршәаны аҳҭнықалақь амҩадуқәа хԥа рҿы имҩаԥысуа аремонттә усурақәа иаарласны ишхыркәшахо, агәыӷрагьы ааирԥшит аԥхьаҟа ирымоу апланқәагьы рынагӡара рылшап ҳәа.
"Акыр иаԥсоу Аҟәа ауааԥсыра! 2022 шықәса ишәзаанагааит агәырӷьара, шәыҩнаҭақәа аччара, ахәмарра рыгымзааит, агәабзиара шымазааит! Ҽаанбзиала!" - ҳәа ихиркәшеит аҳҭнықалақь ахада иадныҳәалара.